27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Даур Кәрмазиа Алеқсандр Анқәаб ареспублика абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа рзы адырра ииҭеит
133
20.05.2020 20:49
Атәыла Анапхгара Ахада Аҧсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр дидикылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20. Аҧсныпресс. Атәыла Анапхгара Ахада Алеқсандр Анқәаб Аҧсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Даур Кәрмазиа дидикылеит.
Аминистр Алеқсандр Анқәаб 18-мшы рыла ареспублика абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа рзы адырра ииҭеит.
Мшаҧымзазы ахыҧхьаӡаларақәа ршәагаа акырӡа иахьылаҟәыз, иазҧхьагәаҭаз арбага аҟынтәи 40% мацара аҟынӡа иахьынаӡаз ҳасаб азуны еиҿурҧшуазар, лаҵарамза актәи азыбжазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп.
Даур Кәырмазиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, лаҵарамза 18 аламҭалазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, 5-мыз рзы ашәахтә лагалақәа зегьы рыла аплан 91% рҟынӡа инагӡоуп. Уажәазы иазҧхьагәаҭаз 189 млн мааҭ рыла, иалагалахеит 209 млн мааҭ.
Убри аан, аминистр иазгәеиҭеит, лаҵарамзазы азҧхьагәаҭа ахыхь анагӡара ашәахтәшәаҩцәа 2019-шықәсеи 2020-шықәса актәи аҧшьбареи реихшьаалақәа рыла иҟарҵаз ашәатәқәа рыла иалыршахеит.
Ашәахтәеизгаратә Хылаҧшырҭа анапхгаҩы игәаанагарала, рашәарамзазы иҟало аҭагылазаашьазы занааҵтәи азҧхьагәаҭарақәа ҳаракӡам, урҭ разымхара арбагақәа рыла мшаҧымзазы иҟаз аҭагылазаашьа акыр еиҧшхар алшоит.
Аҧыза-министр анаплакқәа рзы ашәахтәқәа ршәара аҽҳәара аиагара алыршара азҵаара ахшыҩзышьҭра аиҭеит.
Аекономикатә шәарҭадара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы, аусдкыларатә усхкы адгылара аҭара иаҵоу аҵакы ахадара ҳасаб азуны, Александр Анқәаб аминистр асасааирҭақәа змоу аусдкылаҩцәа Иназыцҵоу ахәҧсазы Ашәахтә ашәара иадҳәаланы ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа рырҽеира азҵаара дазхьаирҧшит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа