27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Денис Чачхалиа иубилеи азгәеиҭоит
744
21.08.2015 11:25
Рауль Ҳаџьымба Денис Чачхалиа 65 шыкәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Аҟәа. Август 21. Аҧсныпресс. адныҳәалараҿы иаҳәоит:
“Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иҧа!
Гәык-ҧсыкала шәиижьҭеи 65 шықәса аҵра шәыдысныҳәалоит.
Аҧсни Урыстәылеи еицырдыруеит шәара шәлитературатәи, шәҭоурыхҭҵааратәи усура алҵшәақәа. А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт аҿы шәҵара хыркәшаны, агазеҭ “Советская Абхазия» аредақциа, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, иара убас Москватәи алитературатә институт аҿы, аҧсуа поезиеи апрозеи рсеминар анапхгаҩыс қәҿиарала аус жәуан.
Аҧсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла шәалоуп. Шәҩымҭақәа Аҧсни уи аҭоурыхи ртема рахәыц ҟаҧшьны иргәылсуеит. Хаз шәҟәны иҭыҵхьеит шәлирикатә еизгақәа жәпакы. Шәара шәкалам-ҧынҵа иҵшәыжьхьеит А. Пушкин, Ф. Тиутчев, А. Блок, С. Есенин, А. Ахматова, Гиоте, Шиллер уҳәа раҧҵамҭақәа зеиҕьаҟам аиҭагақәа. Аҧсшәаҟынтә аурысшәахь ҟазарыла еиҭажәгахьеит Д. Гәлиа, И. Коҕониа, Б. Шьынқәба,Кь. Чачхалиа, А. Аџьынџьал, Т. Аџьба, Г. Аламиа, Р. Смыр ражәеинраалақәа. С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иқәдыргылахьеит шәыдраматә рҿиамҭа “Али- Беи” иалху, Нелли Ешба режиссиорс дызмоу аспектакль.
Шәахьыҟазаалакь аҧсуа традициақәа, ҳмилаҭтә доуҳатә культура аӡыргара шәҽазышәшәоит. Шәыруаӡәкуп москватәи аҧсуа диаспора рхеилак ацхыраара азҭо, ҧхьаҟа изго ҳинтеллигенциа рхаҭарнакцәа нагақәа.
Ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, аманшәалара, ҧхьаҟатәи арҿиаратә иааирақәа!”
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























