Ажәабжьқәа

Популярное

Еиҿкаауп ауаажәларратә еиҿкаара «Москватәи аԥсуа диаспора»

787
21.11.2011 15:23

Еиҿкаауп ауаажәларратә еиҿкаара «Москватәи аԥсуа диаспора».

Аиҿкаара аԥҵаратә еилатәара мҩаԥысит Москва абҵарамза 20 рзы. Уа ишьақәдырӷәӷәеит аиҿкаара аустав, еиқәыршәоуп анапхгара.

«Москватәи аԥсуа диаспора» анапхгара ахантәаҩыс далхуп абизнесмен Агрба Бесалн Родион-иԥа.

Аиҿкаара хықәкы хадас иқәнаргылоит: Урыстәылатәи Афедерациаҿы инхо аԥсуа жәлар ракзаара арӷәӷәара, амилаҭтә хаҿра, аԥсуа жәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи реиқәырхара, итрадициатәу аҟазарақәа рырҿиареи рӡыргареи, Урыстәылатәи Афедерациаҿы инхо аԥсуаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара, жәларбжьаратәи аимадарақәеи аконтактқәеи рырҭбаара, ажәларқәа рыбжьара аиҩызара арӷәӷәара.

Иазгәаҭоу ахықәкқәа рынагӡаразы аиҿкаара еиқәнаршәоит иагьынанагӡоит еиуеиԥшым асоциалтәи аекономикатәи программақәа; Москвеи Москватәи аобласти адгьылҵакыра ирыҵанакуа Аиҿкаара алахәылаҩцәа рзинқәеи рзакәантә итересқәеи ахьчалоит; Аиҿкаарақәа алахәылаҩцәа ркультуратә, руаажәларратә, рекономикатә, рсоциалтә, рдоуҳатә уҳәа егьырҭ рҭахрақәа рынагӡаразы алшарақәа раԥҵареи рырҿиареи, алахәылаҩцәа рырҿиаратә усура, рыпрофессионалтә ҩаӡара аиӷьтәразы.

«Москватәи Аԥсуа Диаспора» еиҿнакаалоит иагьымҩаԥнагалоит акульутра-ԥсшьаратә, аспорттә усмҩаԥгатәқәа, аконкурсқәа, аицлабрақәа, ашоу-программақәа, афестивальқәа, асимпозиумқәа, аконференциақәа, ацәыргақәҵақәа, аиармаркақәа.

Уи анаҩс Аиҿкаара агәы иҭоуп арҵаратә программақәа рынагӡара. Уи иалоуп аԥсуа бызшәа, аҭоурых, алитература, аҟазара рырҵара, иара убасгьы иақәнагоу аҵараиурҭақәа реиқәыршәарала.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа