Ажәабжьқәа

Популярное

Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа “Азхаҵара аныҳәа” азы: ари афотосахьақәа рыла иаарҧшу ҭоурыхуп

487
24.08.2018 14:42
Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа “Азхаҵара аныҳәа” азы: ари афотосахьақәа рыла иаарҧшу ҭоурыхуп
Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аминстрра аҿы абрифинг мҩаҧган.

Аҟәа. Нанҳәамза 24. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аминстрра аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы аминистри аиҿкаҩцәеи имҩаҧысраны иҟоу аусмҩаҧгатә иалацәажәеит.

Убас, акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа лажәақәа рыла, афотосахьақәа зегьы нанҳәамза 26, 2018 шықәса рзы имҩаҧысуази уи аламҭалазы аҭыҧ змаз ахҭысқәа рыхроника аҳасабала ицәыргахоит. “Ари ахатәы аамҭа иасимволхаз, адунеитә информациатә маҵзурақәа рҟынӡа инаӡаз афотосахьақәа рыла иаарҧшу ҭоурыхуп. Жәаҳәарада, ас еиҧш иҟоу афотосахьақәа рсериа ҳмузеиқәа рҿы ицәыргақәҵахароуп, избан акәзар, урҭ ҳаҧхьаҟа, акыр шықәса инеиҧынкыланы ахыҵхырҭақәа раҳасабала иазхьаҧшлоит”, – ҳәа илҳәеит Ельвира Арсалиаҧҳа.

Ельвиара Арсалиа лажәақәа рыла, ари афотоцәыргақәҵа атәыла егьырҭ ақалақьқәа рҿы ицәыргақәҵахаргьы алшоит.

Ахәҭакахьала, Аҧсны ажурналистцәа Реидгылара ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аминистррреи Аҧсны ажурналистцәа Реидгылареи рыбжьара арҿиаратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылоит, имҩаҧысраны иҟоу афотоцәыргақәҵагьы аҩбатәи еицынагӡахо проектуп ҳәа иазгәеиҭеит. “Ари ацәыргақәҵа зеиҕьаҟам ала иаҳнарбоит шаҟа ихымҧадатәны иҟоу иахьа афотожурналистика арҿиара. Аҧсны аҭоурых аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы афотожурналист ида имҩаҧымслароуп. Уажәтәи афотоцәыргақәҵа  ҳфотожурналистцәа русура иалҵшәоуп, уи аҩаӡарагьы аанарҧшуеит, – ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Афотоҭыхыҩ Ибрагим Ҷкадуа  иҟаиҵаз адыррақәа рыла, афотоцәыргақәҵа аҿы аибашьрашьҭахьтәи аамҭазтәи аусурақәа цәыргахоит.


(АП): Нанҳәамза 26, асааҭ 13:00 рзы, Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылара иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы  аусура иалагоит афотоцәыргақәҵа “Азхаҵара аныҳәа”. Ацәыргақәҵа аҿы аҧсуа фотоҭыхыҩцәа – Владимир Попови Ибрагим Ҷкадуеи 120 инарзынаҧшуа русумҭақәа цәыргақәҵахоит. Ацәыргақәҵа Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара 10-шықәса ахыҵра иазкуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа