27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Ельвира Арсалиа Зоиа Аџьынџьал лиубилеи лыдиныҳәалеит
753
08.02.2017 11:59
“Ҳаԥхьаҟа ишǝымоу агǝҭакқǝа рҟны аманшǝалара шǝыцзааит, иахьа шǝыззааԥсо акультуратǝ хǝышҭаара иагымзааит шǝырҿиаратǝ мҩа иацызҵаша аҟазацǝа”.
Аҟәа. Жәабран 8. Аҧсныпресс. Аҧсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа Асовет Еидгылеи Аҧсни асахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, А. К. Ҷанба ихьӡ зху асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩы Зоиа Кǝашь-иԥҳа 80-шықәса лхыҵра иадҳәалоу аиубилеитә ныҳәа лыдылныҳәалеит.
Асахьаҭыхҩы длыдныҳәало, Ельвира Арсалиаҧҳа, ахәҭакахьала иазгәалҭеит: “1969 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа шәара ааҧсарак ҟамҵаӡакәа А. К. Ҷанба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа аҿы рҵаҩыс аус жәуеит. Шǝдыррақǝеи хәы змаӡам шәҧышәеи ирыбзоураны, аҟазара ашҭа иҭало аҵаҩцǝа ацхыраара роуеит. Уи ҳаԥсуа культура аизырҳараҿы еихьӡара дууп. Шǝара шәыбзоурала аҵараиурҭа аушьҭымҭацǝа иаадырԥшуа алҵшǝақǝа агǝахǝара рнамҭарц залшом акультура иазҿлымҳау зегьы.
Шǝара, абаҩхатǝра лыԥшаах змоу сахьаҭыхҩуп, убри инаҷыданы, шǝусумҭақǝа Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵгьы аихьӡара бзиақǝа аадырԥшхьеит. Шǝыбзоурала асахьаркыратǝ литература аиқǝыршǝареи, ашǝҟǝқǝеи ажурналқǝеи аус рыдулыра еиҿкаахеит. Абарҭқǝа зегьы рыхǝ шьаны, Аԥсны Аҳǝынҭқарра Аиҳабыра ишǝанаршьахьеит Аҳǝынҭқарратǝ ахьӡ ҳаракқǝа. Ҳаԥхьаҟа ишǝымоу агǝҭакқǝа рҟны аманшǝалара шǝыцзааит, иахьа шǝыззааԥсо акультуратǝ хǝышҭаара иагымзааит шǝырҿиаратǝ мҩа иацызҵаша аҟазацǝа”.
Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара аминистр Ельвира Арасалиаҧҳа асахьаҭыхҩы-аиубилиар агǝабзиара, агǝамч, лнапы злаку арҿиара аус аҟны алшарақǝеи лзеиҕьалшьеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа