Ажәабжьқәа

Популярное

Ерика Кәарҷиаҧҳа астолтә ҧкьаҭмпыл азы Урыстәыла аҧхьахәгара афинал ахь дцәырҵит

791
21.03.2016 10:59
Ерика Кәарҷиаҧҳа астолтә ҧкьаҭмпыл азы Урыстәыла аҧхьахәгара афинал ахь дцәырҵит
Аспортсменка қәыҧш Аҧхьахәгара афинал ахь ицәырҵыз рыбжьара қәрала зегьы раҵкыс деиҵбуп.

Аҟәа. Хәажәкыра 21. Аҧсныпресс. Хәажәкыра 15-20 рзы Новочебоксарск ақалақь имҩаҧгаз астолтә пкьаҭмпыл азы 2001 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбуи арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара, Приволжсктәи Афедералтә округ Аҧхьахәгара мҩаҧган. Самаратәи аобласт еизгоу акоманда аилазаара аҿы иҟаз Аҧснытәи аспортсменка Ерика Кәарҷиаҧҳа I аҭыҧ аанылкылеит. Иара убриалагьы, апрель 15-20 рзы Архангельск ақалақь имҩаҧысраны иҟоу афинал ахь ацәырҵра лылшеит.

11 шықәса зхыҵуа Ерика Кәарҷиаҧҳа аҧхьахәгара афинал ахь ицәырҵыз рыбжьара қәрала зегьы раҵкыс деиҵбуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа