27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Фазиль Искандер ибаҟа ргылахоит
562
29.11.2016 14:56
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны, Фазиль Абдул-иҧа Искандер ирҿиаратә мҩеи иҟазаратә ҭынхеи рыхьчареи, ашәҟәыҩҩы игәалашәара анаунагӡатәреи рзы аҳәынҭқарратә Комиссиа аҧҵоуп. Уи ахантәаҩыс дҟаҵоуп аҧыза-министр Беслан Барцыц.
Аҟәа. Абҵарамза 29. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аҿы аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаԥысит. Аилатәараҿы иааиуа ашықәс азы, “Ахьӡ-Аҧша” амедаль I аҩаӡара занашьоу, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Урыстәылеи Аҧсни Жәлар рартист Фазиль Абдул-иҧа Искандер ихьӡ анаунагӡатәра иазку аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара аплан шьақәырҕәҕәан.
Аусмҩаҧгатәқәа рыплан алацәажәараан, аҭҵаареи акультуреи аҵарадырреи рзы Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Константин-иҧа Занҭараиа инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Фазиль Абдул-иҧа Искандер дахьынхоз аҩны ахаҿратә ган аҿы амемориалтә ҕәы ашьақәыргылара иҧсы анҭаз аамҭазы иалацәажәахьан. Уи, хәажәкырамза 6 рзы ашәҟәыҩҩы иира Амш азгәаҭара аҟынӡа инагӡатәуп ҳәа агәаанагара сымоуп. Фазиль Искандер ихьӡ зху аҭҵаарадырратә культуратә Центр аартра аганахьала акәзар, уи ҳауаажәларратә еилазаареи ҳҿари рзы акырӡа аанагоит. Ахәҭакахьала, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Фазиль Искандер иара убас ҳаҭыр зқәу профессорын. Уи ихьӡала ААУ аҿы урыстәылантәи асасцәеи астудентцәеи алархәны инарҭбаау аконференциа амҩаҧгара азҧхьагәаҭаны иҳамоуп”.
Аҧсны аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа амемориал ашьақәыргыларазы ихатәы гәаанагара иҳәеит: “Ашәҟәыҩҩы ибаҟа атуристцәа лассы-лассы изҭаауа аҭыҧ аҿы иргылазар ахәҭоуп ҳәа агәаанагара сымоуп. Иара убас, атуристтә маршрут иаҵанакуа аҭыҧқәа Фазиль Абдул-иҧа Искандер иқыҭа гәакьа – Чегем рыцҵазар ахәҭоуп. Аусмҩаҧгатәқәа рыплан аҿы хадара злоу азҵаарақәа иреиуоуп Март 4 ахьӡ зху амҩаду ахьӡ Фазиль Искандер ихьӡ ала аҧсахра”.
Ажурнал “Алашара” аредактор хада Анатоли Лагәлаа ашәҟәыҩҩы иаҧҵамҭақәа аурыс бызшәа аҟынтәи аҧсуа бызшәа ахь аиагара хымҧадатәиуп ҳәа азгәеиҭеит. “Ҳара ҳганахьала, Фазиль Искандер изкны ажурнал аномер аҭыжьра ҳгәы иҭоуп”, – ҳәа иҳәеит иара.
Иара убас, аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара аҿы Фазиль Искандер ибаҟа ашьақәыргылара азҵаара алацәажәареи, уи ахьышьақәыргылахо аҭыҧ алкаареи азҧхьагәаҭоуп. Убри аан, иарбоу аскульптуратә проект аҧҵара инамаданы жәларбжьаратәи аконкурс алаҳәара азы аӡбара ҟаҵан. Убасҵәҟьа, х-томкны иҟоу Фазиль Абдул-иҧа Искандер иҩымҭақәа реизга аҭыжьреи ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкны иҿыцу ателехәаҧшратә проектқәа раҧҵара иазку аусуратә гәыҧ аиҿкаареи азҧхьагәаҭоуп.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа