27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Гәдауҭа араион автобус ҿыцқәа 6 азоужьхеит
197
19.07.2019 15:50
Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион ахь аусуратә ныҟәара мҩаҧигеит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 19. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Гәдоуҭа имҩаҧысит Асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа ахарџь ала иаахәаз араион автобусқәа фба аҭара. Аусмҩаҧгатә Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа араион ахь аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит. Уи аҧхьа араион иаҭан абарҭ иреиҧшу хә-втобуск.
Араион аҟны атранспорттә ҭагылазаашьа зеиҧшроу атәы далацәажәеит Гәдоуҭа араион администрациа Ахада Руслан Ладариа: “Араионтә автобусқәа шьҭа жәашықәсоуп аус руеижьҭеи, урҭ ҧсахтәын. Иахьа араион иаҭан ашколтә автобусқәа хҧеи, ақыҭатә автобусқәа хҧеи. Ҳара ари ахҭыс даара ҳаигәырӷьеит, еиҳаракгьы, ипсахтәын иажәхьаз ашколтә автобусқәа, урҭ рныҟәгаразы имаҷымкәа аҧара аҭахын. Араион аҟны 20 қыҭа ыҟоуп, атранспорт ҿыц аҭахны иҟан. Атранспорт макьана еихшаӡам, изҭахқәоу рацәаҩуп, аха еиҳа изыхәҭоу ирыҭахоит”.
Аҧсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит автопарк ахарҭәаарала араион ашколқәа рытранспорттә уадаҩра шыӡбахо: “Хымҧада, автобусқәа рхыҧхьаӡара атәылаҿы иҟоу ашколқәа зегьы рыцыҧхьаӡа рымазартә еиҧш иҟаӡам. Аха иҳауз атранспорт ҿыц маҷк иадамхаргьы, иҟоу ауадаҩра аӡбоит, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рҭагылазаашьа еиҕьнатәуеит. Арҭ автобусқәа ҳашколқәа ацхыраара ду рынаҭоит, еуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа раан рхы иадырхәоит, аспорттә еицлабрақәа, мамзаргьы ареспубликатә маҭәартә олимпиадақәа ракәзааит, ашколхәыҷқәа ақалақьқәеи араионқәеи рахь ргара ауадаҩрақәа ацын”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа