Ажәабжьқәа

Популярное

Гәдоуҭа ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи акласс ала аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион Рашь Хәытаба ихьӡала аҳамҭа аиуразы зхы иақәиҭу аиқәҧаразы жәларбжьаратәи атурнир мҩаҧысит

483
17.10.2016 12:22
Гәдоуҭа ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи акласс ала аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион Рашь Хәытаба ихьӡала аҳамҭа аиуразы зхы иақәиҭу аиқәҧаразы жәларбжьаратәи атурнир мҩаҧысит
Гәдоуҭа ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи акласс ала аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион Рашь Хәытаба ихьӡала аҳамҭа аиуразы зхы иақәиҭу аиқәҧаразы XXII жәларбжьаратәи атурнир мҩаҧысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17. Аҧсныпресс. Жәларбжьаратәи акласс ала аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион Рашь Хәытаба ихьӡала аҳамҭа аиуразы зхы иақәиҭу аиқәҧаразы жәларбжьаратәи атурнир еилоу аиқәҧаратә стильқәа Жәларбжьаратәи Афедерациа UWW аҧҟарақәа рыла имҩаҧысуан. Абри азы Аҧсныпресс акорреспондент иҿцәажәо адырра ҟарҵеит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы.

Иҟоу адыррақәа рыла, атурнир ахь иааит Нхыҵ-Уаҧстәыла, Даҕьсҭан, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкессиа, Тульсктәи аобласть, Ростовтәи аобласть, Краснодартәи атәылаҿацә, Адыгеиа, Шәача, Санкт-Петербург, уҳәа рҟынтәи 100-ҩык инарзынаҧшуа аспортсменцәа.

Аҧсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба еизаз зегьы атурнир аартра рыдиныҳәалеит, ақәҿиарақәеи аихьӡара бзиақәеи рзеиҕьеишьеит.

Атурнир аихшьаалақәа рыла аҧхьахәгаҩцәа раҳасабала иалкаахеит:

– аиҳабацәа ркатегориа иаҵанакуа, 2000-2002 шықәсқәа рзы ииз – Леон Занҭариа (42 кь, ақалақь Аҟәа), Саид Хункеров (46 кь, Даҕьсҭан), Даниел Гәымба (50 кь, ақалақь Гәдоуҭа), Альберт Петросиан (54 кь, ақалақь Аҟәа), Мурат Кәакәасқьериа (58 кь, ақалақь Гәдауҭа), Багратион Коӡасов (63 кь, Н. Уаҧстәыла);

–1996-1999 шықәсқәа рзы ииз ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара – Магомед Исубилов (50 кь, Даҕьсҭан), Абубакар Муталиев (55 кь, Даҕсҭан), Гәдиса Гьериа (60 кь, ақалақь Гәдоуҭа), Ахсар Ревазов (66 кь, Н. Уаҧстәыла), Девид Бетанов (74 кь, Н. Уаҧстәыла), Арсени Хубаев (84 кь, Н. Уаҧстәыла), Баџьгәыр Хәытаба (96 кь, ақалақь Гәдоуҭа).

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа