27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Гагратәи ареабилитациатә центр аҿы афизиопроцедуратә еиқәыршәага шьақәыргылоуп
589
20.10.2016 13:24
Гагратәи ареабилитациатә центр ақәгыларатә-рныҟәагатә система ахәышәтәразы иҿыцу афизиопроцедуратә еиқәыршәага ҳамҭас иаҭоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 20. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьара аветеранцәа Гагратәи ареабилитациатә центр ҳамҭас иаҭоу иҿыцу афизиопроцедуратә еиқәыршәага абзоурала, ргәабзиара аиҭашьақәыргыларазы даҽа лшарак рзаҧҵахеит.
Афизиопроцедуратә еиқәыршәага ҿыц иамоу алшарақәа ртәы Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Гагратәи ареабилитациатә центр аҳақьым хада Валери Аҩӡба.
“Беслан Барцыц Гагра араион ахадас даныҟаз аибашьра аветеранцәа Гагратәи ассоциациа ахь 500 нызқь мааҭ алеигалахьан. Абарҭ аҧаратә хархәагақәа рыла, ҳинвалидцәа рзы ихымҧадатәиу, ақәгыларатә-рныҟәагатә система ахәышәтәразы иҿыцу афизиопроцедуратә еиқәыршәага аахәан”, – ҳәа азгәеиҭеит иара.
Валери Аҩӡба иажәақәа рыла, “Аҧсны иахьатәи аамҭазы афизиопроцедуратә хәышәтәра зҭаху аинвалидцәа рхыҧхьаӡара 700-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Уимоу, иарбоу аиқәыршәага ахархәарада, ареабилитациатә курс нагӡоуп ҳәа иузыҧхьаӡаӡом.
Иара убас, Валери Аҩӡба ишазгәеиҭаз ала аиҧш-зеиҧшу амедицинатә еиқәыршәага аклиникаҿы иҟан. “Аха, уи ажәит, убри аҟнытә иахәҭоу аҩаӡараҿы аусура алшомызт. Уажәы иҳауз аппаратура акәзар, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирықәшәоит”, – ҳәа иҳәеит Гагратәи ареабилитациатә центр аҳақьым хада Валери Аҩӡба.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа