Ажәабжьқәа

Популярное

Гал аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи дырҵаразы ацентри ақалақь ашколқәа руак аҭыԥан аинтернати аартра ргәы иҭоуп.

380
23.08.2013 13:00

Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб дидикылеит алхырҭатә округ №33 (Гал араион) аҟны иалху Жәлар Реизара адепутат Ахра Кәакәасқьыр.

Аҳәынҭқарра ахада дазҿлымҳан Гал араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы аԥсуа бызшәа дырҵара шеиҿкаау, араион аҟынтәи адепутат дшахәапшуа Гал ақалақь аҿы аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи дырҵаразы ацентри ақалақь ашколқәа руак аҭыԥан аинтернати аартра.

Ахра Кәакәасқьыр иазгәеиҭеит араион ауааԥсыра ари ажәабжь гәахәарыла ишрыдыркылаз.

Иазгәаҭатәуп араион аҿы иҟоу 20 школ рҟынтәи 11 школ рҿы аԥсуа бызшәы ддырҵоит. 9 школ рҿы аԥсуа бызшәа рҵаӡом арҵаҩцәа ахьыҟам иахҟьаны.

Ахра Кәакәасқьыр иажәақәа рыла ари апроблема хәҭа-ҳәҭала аӡбара иаҿуп, аҳәынҭқарратә бызшәа арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит.

Иара убасгьы Гал ақалақь ахәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсшәа ддырҵоит.

Александр Анқәаб иазгәеиҭеит ахәыҷбаҳчақәа рҿы абызшәа арҵара иамоу аҵакы. «Усҟан ашкол аҿы абызшәа арҵаразы апроблемақәа ҟалаӡом»,- азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахада.

Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.

 


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа