27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Геннади Аламиа: Аҳәынҭқарратә бираҟ Аҧсны амилаҭтә-хақәыиҭтәратә қәҧара иасимволны иҟалеит
237
23.07.2019 09:30
Ҧхынгәымза 23 – Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа азгәарҭоит!
Аҟәа. Ҧхынгәымза 23. Аҧсныпресс. Ҧхынгәымза 23 – Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа азгәарҭоит. Ҧхынгәымза 23,1992 шықәсазы, атәыла аҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, Аҧсны Иреиҳаӡоу Ахеилак, Владислав Арӡынба ихантәаҩрала Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби шьақәнарҕәҕәеит. Ҳаамҭазтәи абираҟ автор – асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа.
Ари ахҭыс ҳҳәынҭқарра иҿыцу аҭоурых ашьақәгылара аҿы ароль ду нанагӡеит. Абираҟ аибашьра аамҭеи аҭынч ҧсҭазаареи рҿы ҳиааирақәеи ҳаихьӡарақәеи ирсимволны иҟалеит.
Аҳәынҭқарратә бираҟ ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра аанарҧшуеит, уи иамоу ибеиоу аҭоурыхи ижәытәӡоу атрадициақәеи, Аҧсныжәлар рдоуҳаи рҟазшьа аҷыдарақәеи асимволра азнауеит.
Аҧсныпресс акореспондент диҿцәажәо Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ аҭоурыхи уи иаҵоу аҵаки асомволикеи дрылацәажәеит еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩ Геннади Аламиа ишазгәеиҭаз ала, Леон иорден занашьоу, асахьаҭыхыҩ Валери Гамгиа авторс дызмоу Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырҕәҕәан аҧхын, 1992 шықәса рзы. Усҟан ҧхынгәы 23,1992 шықәсазы, атәыла аҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, Аҧсны Иреиҳаӡоу Ахеилак, Владислав Арӡынба ихантәаҩрала Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә символика азы Азакәан шьақәнарҕәҕәеит. “Абираҟ ашьақәырҕәҕәара иара ианаамҭазҵәҟьа ицәырҵит, амилаҭтә-хақәыиҭтәратә қәҧара иасимволны иҟалеит”, – ҳәа иазгәеиҭоит Геннади Аламиа.
Геннади Аламиа игәалаиршәоит: “Усҟантәи аамҭазы ҳара Апарламент аҿы ақырҭуа ган ҳацны ҳаҟан. Сара шьахәлаҵәҟьа уи амш сгәалашәоит. Абираҟ ашьақәырҕәҕәаразы ицәырган, уи абираҟ ахаҭа акәӡамыз иубашаз, азал аҿы итәаз ауаа рхаҽқәа ирнубаалоз аемоциақәа роуп уамашәа иааубаратәы иҟаз. Уи аҽны ауаа рыхдырраҿы аиҭакра ҕәҕәа ҟалеит. Ҳхьыҧшымра иаҿагылоз Қырҭтәыла акзаара ахыбгалара алмыршара иазкыз атеориа ашьақәгылазаара аҵшәаара иаалагеит, егьырҭ ҳхақәиҭреи ҳхьыҧшымреи рганахьала агәыҩбара зызцәырымҵоз ракәзар, агәызҭазаара рзацлеит”.
Геннади Аламиа игәаанагарала, абираҟ автор, асхьаҭыхыҩ Валери Гамгиа, ҳәынҭқарратә бираҟ ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра аанарҧшуа, уи иамоу ибеиоу аҭоурыхи ижәытәӡоу атрадициақәеи, Аҧсныжәлар рдоуҳаи рҟазшьа аҷыдарақәеи асимволра азнауа аҟаҵара илшеит: “Ҧыҭрак ашьҭахь ари апринцип агимн аҧҵара иашьаҭаны иҟалеит. Уи жәытә-натә аахыс иаауа ажәлар рмилаҭтә ҷыдара зеиҕьаҟам ала ианыҧшуа иҟалеит. Ҳадгьыл зыхьчо аныхахәқәа,ҳашьцәа рымадара, уҳәа ианыҧшуеит уи, иара убас, абарҭ, зегьы реиҳа ихадоу ацәаҳәақәагьы: “Шәнеибац, шәнеибац, аҧсуаа рыҷкәынцәа!” – аҕацәа рҟынтәи ашәарҭара ианҭагылоз ҳадгьыл есымша иқәыҩҩуаз ааҧхьара, агәра ганы сыҟоуп ауадаҩрақәа зегьы риааира азы агәамчи алшареи зцыз ракәын урҭ ажәақәа”.
Иахьа ҧхынгәымза 23, 2007 шықәсазы ирыдыркылаз Аконституциатә Закәан инақәыршәаны, Аҳәынҭқарратә бираҟ, иофициалтәу аҳәынҭқарратә символны иҟоуп. Ҧхынгәымза 23 акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарратә символика Амш ҳәа иҧхьаӡоуп.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа