Ажәабжьқәа

Популярное

“Иҳабжьаҳҵахьоу аиқәшаҳаҭрақәа зыҟны инаҳагӡо, мамзаргьы уи азы мап зцәаҳкуа ҳаӡбароуп” - иҳәеит Андзор Гоов

513
27.02.2015 11:39
“Иҳабжьаҳҵахьоу аиқәшаҳаҭрақәа зыҟны инаҳагӡо, мамзаргьы уи азы мап зцәаҳкуа ҳаӡбароуп” - иҳәеит Андзор Гоов
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрраҿы ԥшьымз ирылагӡаны имҩаԥгаз аусура алҵшәақәа реихшьаалара иазкыз аилатәара мҩаԥысит.

Ақалақь Аҟәа.Февраль 27.Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы Аминистррахь ашшра ҟазҵо ачымазцәа рхыԥхьаӡара рацәахеит. Уи, аҭыԥаҿы апроблема аӡбара шрылымшо ауп иаанарԥшуа. 

Агәабзиарахьчара аминистр араионтә хәышәтәырҭақәа реиҳабацәа рҿаԥхьа иқәиргылаз азҵаарақәа зегьы раҵкьыс ихадан: ”Аҳақьымцәеи атәыла аҳәышәтәырҭақәеи рыбжьара иахәҭоу аимадара зыҟам?" 

“Жәытәла аус зуа рацәаҩуп. Араион аҿы аҭагылазаашьа хықәкылатәи аҭакпхықәра шшәыду шәхашәмыршҭын”,- ҳәа араионтә ҳақьым хадацәа рахь ихы рханы иҳәеит Андзор Гоов. – Ацхыраара шәҭахызар, ишәҳәа, адгылара шәаҳҭоит. Аха иҟоуп шьоукы азҵаарақәа рыӡбара зҽақәзмыршәо. Маи мзазы уаанӡа иҳабжьаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыҿҳәара нҵәоит. Урҭ зыҟны инаҳагӡо, мамзаргьы уи азы мап зцәаҳкуа ҳаӡбароуп” - иҳәеит Андзор Гоов. 

Аилатәараҿы иара убас егьырҭ азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәан

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа