Ажәабжьқәа

Популярное

Иҿыцу аҳәынҭқарра ашьақәгылара ианаҿу, ҳәарада, гха-ҧхак ҟамлар ҟалаӡом

597
14.12.2016 15:19
Иҿыцу аҳәынҭқарра ашьақәгылара ианаҿу, ҳәарада, гха-ҧхак ҟамлар ҟалаӡом
Аҧсны Абыргцәа Рхеилак ааҧхьара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Декабр 14. Аҧсныпресс. Ааҧхьара аҿы иаҳәоит:

“Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Иахьа Аҧсны Абыргцәа Рхеилак аоппозициеи Аҧсны анапхгареи рыбжьара имҩаҧысуа аполитикатә еибарххарақәа агәҭынчымра ҳарымҭарц залшом.

Дарбанызаалак Аҧсны сатәылауаҩуп ҳәа зыҧхьаӡо, уи аҧеиҧш-аразҟы игәы-иҧсы иҵхозароуп. Иаадыруазароуп уи ҳҵеира рҕьырак рыҧсҭазаара шахҭынҵоу. Урҭ рыҧсы-кәырбан ҳ-Аҧсны азы иҿыхгоуп, иҧшьоуп, идоуҳауп, иагьныхоуп! Урҭ рхаҵареи, ршьеи, рыҧсы зыхҭынҵоу – баша ахархәара дазусҭзаалакь азин инаҭаӡом. Уи ус шакәу рдыруеит изхызгаз, иалаҧшыз ҳауаажәлар - ҳҟәыҕақәа.

Иҿыцу аҳәынҭқарра ашьақәгылара ианаҿу, ҳәарада, гха-ҧхак ҟамлар ҟалаӡом. Аха убри агха ариашаразы иаҭахуп иҷыдоу ахшыҩ – аҟәыҕара. Уара, сара ҳәа наҟ-ааҟ аиқәҿыҭрала аус аӡбара залшаран иҟаӡам.

Аҧсуаа ҳҳәынҭқарра иара ахатәы закәан амоуп. Уи инақәыршәан, Аконституциа ишаҳәо инҭагӡаны аӡбара ада уаҳа даҽа-мҩак ыҟаӡам. Убри дырны, аҟәышреи ахаҵареи згым ҳажәлар шәымчи шәыхшыҩи даҽа аамҭанык иеиҧшымкәа еизыркәкәаны, ҳҳәынҭқарра еиқәзырхаша, ҧхьаҟа изгаша, ҳаизхәыцны, мҩак ҳақәымлар, иахьеи-уахеи иҳазкылҧшуа ргәырҧса ҳақәшәар ҟалоит.

Иаҳхаҳмыршҭып, 1993 ш. ианартәи, марттәи ахҭыс бааҧсқәа. Иахьагьы Кәыдры аҩхаа иқәыҩҩуа, аҳауаҿ ибылуаз ҳхәыҷқәа рыҵәаабжь.

Аҧсны Абыргцәа Рхеилак алахәылацәа ҳ-Аҧсны Аҳәынҭқарра, хәыҷы-хәыҷла акәзаргьы, аиҵыҵрахь амҩа иқәуп ҳәа агәаанагара рымоуп.

Шьала икәабоу Аҧсни уи ажәлари шьҭахьҟа изго, зхатәы интересқәа аҧыжәара рыҭан, аҳәынҭқарра ҵызшәаауа еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла иазныҟәоу ҳзакәан Хада – Ҳконституциа аҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду рыдзааит!
Агәҽанызаара шәыцәмыӡааит, ҳаҭыр ду зқәу Аҧсны-жәлар!”

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа