Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 ш. марттәи ажәылара 20 шықәса ахыҵра.
Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 ш. марттәи ажәылара 20 шықәса ахыҵра.
1993ш хәажәкырамза 15 рзы аԥсуа архәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа азааигәара аҳаракырақәа ааныркылеит. Архәҭақәа аӡиас Гәымсҭа ҭыԥқәак рҿы ирны, аҳауеи амшыни рҟынтәи ацхыраара рхы иархәаны Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагар акәын.
Аха хәажәкырамза 15-16 рзы иалагаз ажәылара маншәаламхаӡеит. Хәажәкырмза 17-18 рзы иҟаз аидысларақәа рышьҭахь ацәыӡ рацәа зоуз ҳархәҭақәа уаанӡа иааныркылоз аҭыпқәа рахь ихынҳәыр акәхеит.
Аибашьра ианалага инаркны инҵәаанӡа изхызгаз Аԥсуа ар аибшьцәа ражәақәа рыла Аҟәа ахақәиҭтәразы марттәи ажәылара зегь реиҳа ихьанҭаз жәыларан. Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы марттәи ажәылара аан 222-ҩык Аԥсуа ар аибшьцәа ҭахеит, шәыҩла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Иахьа Аҟәа, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы 1992-1993 ш. иҭахаз Ахьӡ-Аԥша рбаҟахьы ашәҭқәеи ашәҭшьыҵәрақәеи наргеит.
Ацеремониа иалахәын аибашьра аветеранцәа, аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб,
Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Михаил Логәуа, Жәлар Реизара аспикер Валери Бганба,
Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аиҳабыра алахәылаҩцәа, аибашьцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.
Атәыла иахьаҵанакуа есышыкәса марртә ахҭысқәа ргәаладыршәоит, иҭахаз рбаҟақәеи рнышәынҭрақәеи рахь ашәҭқәеи ашәҭшьыҵәрақәеи наргоит, ацәашьқәа адыркуеит. Аҵараиурҭақәа рҿы аибшьра аветеранцәа, марттәи ажәылара алахәылаҩцәа адԥхьаланы аиԥыларақәа еиҿыркаауеит.





























