27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Иаку иавтоматтәу аӡбара-инфомациатә система алагалара аҽҳәара ахгоуп
219
05.07.2019 17:35
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара аҿы зҵаарак ауп амшхәаҧштә зҵаараны иқәгылаз.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 5. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара аҿы “Аӡбаратә мчра азы” Азакәан аиҭакрақәа алагалахеит.
Азакәан апроект адгалара мҩаҧго, аҳәынҭқарратә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Валери Агрба Апарламент аӡбаратә мчра аиҭакрақәа ралагалара иазырхоу азакәантә шәҟәынҵақәа аднакылоит, ареформақәа шьаҭанкылатәи апринципқәа иреиуоуп аргамара апринцип ауп ҳәа еизаз иргәалаиршәеит. Убри инамаданы, аӡбарҭақәа русура хымҧада иалагалазар ахәҭоуп иаку иавтоматтәу аӡбара-информациатә система. Аӡбаратә усбарҭақәа иахәҭоу апрограмматә аалыҵқәеи, иҷыдоу хықәкылатәи атехникеи рыла реиқәыршәаразы аматериал-текхникатә база ашьақәыргыларазы иарбоу аӡбара адкылара алыршахеит.
Валери Агрба инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Рыцҳарас иҟалаз, иазҧхьагәаҭаз аҽҳәара азы апрограмма алагалара залымшахеит, иара аҽҳәарақәагьы изныкымкәа иахыҧон, избан акәзар, иавтоматтәу асистема ахамырхәра, апроцессуалтә усмҩаҧгатәқәа рзакәантә шьаҭа аицакра ацуп. Уи азинтә коллапс ахь ицәырнагар алшоит”.
Валери Агрба иҟаиҵаз алкаақәа рыла, азакәан апроект иаку иавтоматтәу аӡбара-информациатә система алагалара аҽҳәара, ҳазҭоу ашықәс абҵарамза 1 аҟынӡа ахыгара азҧхьагәанаҭоит.
Азакәан апроект аҩбатәии аҵыхәтәантәии аҧхьарақәа рҿы ирыдыркылеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа