Ажәабжьқәа

Популярное

Иажәыз атәылауаҩшәҟәқәа рыҽҳәара ҧхынҷкәын 31, 2018 шықәсанӡа иацҵоуп

667
23.11.2016 13:31
Иажәыз атәылауаҩшәҟәқәа рыҽҳәара ҧхынҷкәын 31, 2018 шықәсанӡа иацҵоуп
Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы “2016 шықәсазы иҭыжьыз Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы азы Аҧҟара” аиҭакрақәеи ацҵақәеи алагалоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 23. Аҧсныпресс. Елена Полуиан. “2016 шықәсазы иҭыжьыз Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы азы Аҧҟара” аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы” Ақәҵара апроект адгалара мҩаҧго, аминистрцәа Реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава аиҭакрақәеи ацҵақәеи рхықәкы далацәажәеит: “Аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара ахымҧадатәра, уаанӡа ирыдыркылахьаз Аҧҟара инақәыршәаны, ажьырныҳәа 1, 2017 шықәса инаркны уаанӡатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҽҳәара нҵәоит. Аха иҟоу адинамика ҳасаб азуны, насгьы Аҧсны атәылауаа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьа аҧҵара азы, иарбоу аҽҳәара ҧхынҷкәын 31, 2018 шықәсахьы аиагаразы аӡбара рыдыркылеит”.

Убри аан, Лаша Цаава, “зыӡбахә ҳәоу зыҽҳәара нҵаз атәылауаҩшәҟәқәа роуп” ҳәа азгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла ас еиҧш иҟоу аусшәҟәқәа рыҧсахра ахәҭоуп ҳәа азгәеиҭеит. 2018 шықәсанӡа зыҽҳәара ыҟоу атәылауаҩшәҟәқәа ракәзар, азинмчы шрымац иаанхоит.

Ахәҭакахьала, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа иазгәеиҭеит: “аамҭа кьаҿ иалагӡаны, атәылауаҩшәҟәқәа рыҧсахра хымҧадатәны иҟам. Атәылауаҩшәҟәқәа зегьы, Апарламент Ақәҵара инақәыршәаны Ҭҟәарчалтәи, Очамчыртәи, Галтәи араионқәа рҿы изакәанымкәа ирыҭаз, аҧыхра зыхәҭоу аламҵаӡакәа, азакәантә мчы шрымац иаанхоит. Ҩышықәса ирылагӡаны урҭ зегьы ауаа мыргәаҟӡакәа иҿыцу ала рыҧсахра ҳалҳаршап ҳәа сгәы иаанагоит. Ҭҟәарчалтәии Галтәии араионқәа рҿы ада, егьырҭ араионқәа зегьы рҿы апаспорттә столқәа аусура иалагахьеит”.

Ақәҵара далацәажәеит Аҧсны аҧыза-министр Беслан Барцыц. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит: "иҿыцу апаспорт ахкы ала Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит".

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа