Ажәабжьқәа

Популярное

Игорь Ахба Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аконсультациақәа мҩаҧигеит

651
24.11.2016 12:59
Игорь Ахба Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аконсультациақәа мҩаҧигеит
Хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа ирылацәажәан. Урҭ иреиуоуп абҵарамза 30 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаҧысраны иҟоу ахылаҧшырҭабжьаратәи аконсультациақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы.

Аҟәа. Абҵарамза 24. Аҧсныпресс. Хәажәкыра 11, 2215 шықәса азы, Москва ақалақь аҿы Аҧсни Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа Рхылаҧшырҭақәа ирыбжьарҵаз Амеморандум ала ишьақәырҕәҕәаз адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, изаамҭанытәиу аконсультациақәа мҩаҧысит.

Аконсультациақәа рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иаҵанакуа Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгылара иалоу атәылақәа Аҧшьбатәи адепартамент анаҧхгаҩы Алеқсеи Павловскии, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба.

Хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа ирылацәажәан. Урҭ иреиуоуп абҵарамза 30 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаҧысраны иҟоу ахылаҧшырҭабжьаратәи аконсультациақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы. Иара убас, Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рганахьала Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аҩганктәи аусеицура аҿиара аперспективақәа ирыдҳәаланы агәаанагарақәа реимдара мҩаҧган.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа