Ажәабжьқәа

Популярное

Ихадароу ҳажәлар роуп, - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба

565
26.02.2015 13:04
Ихадароу ҳажәлар роуп, - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҭҟәарчалтәи араион ауаажәларра дырԥылеит. 

 Ақалақь Аҟәа. Февраль 26. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахадеи араион ауаажәларреи реиԥылара рхы аладырхәит араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа, Жәлар Реизара –Апарламент аиҳабы Валери Бганба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгыҩ Муҳамед Кьылба, апарламент адепутатцәа гәыԥҩык.

 Ҭҟәарчалтәи араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа лықәгылара аҟынтәи – аҿар уи ааныжьны рцара, иуадаҩу аенергетика аҭагылазаашьа, аусураҭыԥ аҟамзаара, аинфроструктура агәыгәҭажьра, уҳәа ирацәаны иҟоу ақалақь ихадоу апроблемақәа ртәы еилкаахеит.

 Араион аҿиара аперспектива далацәажәо, Аида Чачхалиаԥҳа Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра иадҳәаланы ақалақь аҿы актәи апрезидент ибаҟа аартреи, аныхабаа аргылареи планла ишарбоу, уи азы афонд “Ашана” ацхыраарала ахылаԥшратә хеилак шеиҿкаахо атәы лҳәеит. Уахь изҭахәу зегьы аргыларазы агәыҳалалратә садаҟы ҟарҵарц рылшоит.

 “Ҳара ақалақь аҿар аус рыцура ҳазхиоуп. Аҿар рхеидкыла аиҿкаара ҳаҿуп”, - лҳәеит араион Ахада. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны ашьапылампылтә Клуб “Шахтер” еиҭашьақәыргылахоит. Араион Ахада, акоманда ари асезон иалагӡаны ашьапылампыл азы Аԥсны Ачемпионат рхы аладырхәып ҳәа агәыӷра лымоуп.

 Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь амҩадуқәа реиҭашьақәыргылара азы 10 миллион мааҭ азоужьуп. Аӡымҩангагақәа рзы- 38 миллион мааҭ. 

“Апроблемақәа ыҟоуп, урҭ умбаргьы залшом”, - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Апрезидент иажәақәа рыла, “Ақалақь амчхара зегьы рынагӡаразы уаанӡа ҳара алшарақәа ҳамаӡамызт. Иахьа урҭ даҽакәуп. Иҳалшо еиҳа ирацәоуп”. Ҳбиуџьет х-миллиард аҵкьыс маҷк еиҳауп, - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Иҳамоу алшарамч иахьынӡахәҭоу ахархәара ахьамам ауп уи зыхҟьо. Аҭагылазааашьа шьаҭанкыла иԥсаххар алшоит, уи азҵаара аӡбара ииашаны иазнеизар”, - иҳәеит апрезидент. Урыстәыла хазы игоу ачынуаа ракәӡам аԥара ззаунажьуа. Урҭ ҳажәлари, ҳекономика аҿиареи рыцхыраара ауп изызкәу. Рауль Ҳаџьымба ауаажәларра рҿы аиҭакрақәа рыҟалара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит. “Ишьақәҳаргылаз апланқәа ирыдҳәалоу ахыдҵақәа рынагӡара зылзмыршаз ачынуааи аминистрцәеи русура аҟынтәи рхы иақәиҭхоит. Аӡәгьы дрысҳасшьом. Ихадоу ҳажәлар роуп”, - ҳәа инациҵеит уи. 

 Апрезидент хы-шықәса рыҩнуҵҟа атәанчаҩхәы 10 нызықь мааҭ рҟынӡа ишынаӡо еизаз агәра диргеит. “Алхрақәа раан ишәаҳҭаз ажәа хымԥада инаҳагӡоит, аха уи ишаҳҭахәу еиԥш ирласӡаны изыҟалом”, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба. Иара убасгьы, адгьыл азы ашәахтә аизгара аҩаӡара шылаҟәу азгәеиҭеит. Уи аҩыза аҭагылазаашьа Ҭҟәарчал араион мацара акәӡам иахьыҟоу. “Ҳара хаҭалатәи ахаҿра змоу ашәахтә рылхра мап ацәаҳкырц ҳгәы иҭоуп. Аха убри аан, уи ахьанҭара аиуристтә хаҿы змоу рыбӷа иқәҳауеит”, - иҳәеит атәыла Ахада.

 Аҳәынҭқарра Ахада ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа аартра иадҳәаланы шьоукы ирызцәырҵуа агәҭынчымрақәа шыҵаҵӷәыдоу азгәеиҭеит. “Иахьа адунеи аҿы хыԥхьаӡара рацәала зҳәаақәа аарту аҳәынҭқаррақәа ыҟоуп. Уи изакәызаалак ала рсуверенитет иаԥырхаганы ҳәа иҟам. Ари азҵаара ииашаны азнеирала аҳәаа атәыла иацхраалоит, уи ҳаизҳазыӷьареи ҳбеиатәреи иазкызаауеит”, - иҳәеит Апрезидент.

 Аиԥылараҿы Рауль Ҳаџьымба, иара убас, Ҭҟәарчал араион ауааԥсыра рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа