Ажәабжьқәа

Популярное

Кремль имҩаҧысыз аҩганктәи аиҧыларазы: анапынҵақәа ҟаҵоуп, урҭ уажәы аус рыдулара мҩаҧысуеит

607
09.12.2016 14:59
Кремль имҩаҧысыз аҩганктәи аиҧыларазы: анапынҵақәа ҟаҵоуп, урҭ уажәы аус рыдулара мҩаҧысуеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Анаҧхгара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Александр Хлопонин диҧылеит.

Аҟәа. Ҧхынҷкәын 9. Аҧсныпресс. Аиҧылара аартуа, Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Анаҧхгара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хлопонин бзиала уаабеит ҳәа иеиҳәеит.

Ахәҭакахьала, Александр Хлопонин иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Кремль имҩаҧысыз Аҧсни Урыстәылеи Рхадацәа реиҧылара алҵшәақәа рыла иҟаиҵаз анапынҵақәа зегьы уажәы аус адулара мҩаҧысуеит.

"Кремль имҩаҧысыз аҩганктәи аиҧылара ашьҭахь анапынҵақәа ҟаҵоуп, урҭ уажәы аус рыдулара мҩаҧысуеит. Уи уадаҩрақәак рыҵаны иаабом. Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент имаҷымкәа анапынҵақәа ҟаиҵеит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Анаҧхгара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ.

Убри аан, Рауль Ҳаџьымба, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезиденти иареи реиҧылараан, иқәыргылаз аихамҩатә кредит ареструктуризациа иадҳәалоу азҵаара, ареспубликазы акыр аҵак ду шаҵоу азгәеиҭеит. “Ҳара арҭ аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара иадҳәаланы ҳхатәы план ҳамоуп, уи адгалара азҧхьагәаҭаны иҳамоуп", – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа