27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Кристина Озган Каманҟа ицо амҩа азы: аобиект 2-мыз ирылагӡаны ахархәарахь аҭара алыршахароуп
121
19.05.2020 17:19
Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аусуратә ҭаара мҩаҧылгеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19. Аҧсныпресс. Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Каман ақыҭахь уназго Гәыматәи амҩаду аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧысшьа гәалҭеит. Иарбоу аобиект Аҧсны асоциал-економикатә цхыраара аҭара иазку Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит.
Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба аминистр илиҭаз адыррақәа рыла, анардкыларатә еиҿкаара аиқәшаҳаҭра бжьаҵан 2017-шықәсазы, аобиект аиҭашьақәыргылара азеиҧш харџьынҵа 110,92 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Зыхәҧса 38,13 млн мааҭ рҟынӡа инаӡо аусурақәа 2017-шықәсазы инарыгӡахьан. Акаҭранбетон ашьҭаҵара азы иазҧхьагәаҭоуп 68,58 млн мааҭ, урҭ рахьынтә иахьатәи амш азы инагӡоу аусурақәа 50% рҟынӡа инаӡоит.
“Аобиект аҿы аӡиас аҟәара арӷәӷәара, ацҳа аиҭашьақәыргылара, аӡиас Гәыма Мрагылара аганахьала аӡыхыҵхырҭа арыцқьареи ашьаҟатә ҭӡамц аиҭашьақәыргылареи, уҳәа ирызку аусурақәа мҩаҧгоуп. 38 нызықь квадраттә метр инарзынаҧшуа акаҭранбетон шьҭаҵоуп, даҽа 36 нызықь метр аанханы иҟоуп. Анардкыларатә еилазаара иазҧхьагәаҭаз аграфики аҽҳәарақәеи еиланагеит”, – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Убри аан, Ареспубликатә унитартә Наплакы “Аҧснымҩа” адиректор Хада Борис Ачба, аҽҳәарақәа реилагалара зыхҟьаз, иарбоу анардкыларатә еиҿкаара егьырҭ аобиектқәа рахь адәықәҵаразы анапынҵа аҭареи, иара убас аусурақәа рыхәҧса ианаамҭоу ашәара ахьзалмыршахази ирыхҟьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр, ус анакәха, аконтрактқәа еиҭарыхәаҧшызар акәын, аҿаҵаҩы далархәны аихшьаалақәа реиҭаҟаҵареи, егьырҭ анардкылаҩцәа иазҧхьагәаҭоу аҽҳәарақәа ирықәыршәаны аобиект аҿы аусурақәа рхыркәшаразы анапынҵа рыҭареи хымҧадатәиин ҳәа иазгәалҭеит.
“Ҳара фактла ишьақәырӷәӷәоу ахарџьқәа реиҭакрақәа ҳаур ҟалоит, избан акәзар ахәҧсақәа есааира рҽырыҧсахуеит. Аобиект гылоуп, ауаа ҧшуп. Ҳара ас еиҧш аҭагылазаашьа алҳмыршароуп. Аҧарақәа абар шьҭа ҩы-шықәса ирылагӡаны хархәарада иаанханы иҟоуп. Арҭ аҧарақәа рыла амҩаду егьырҭ аучасткақәа ҟауҵар алшон”, – ҳәа илҳәеит лара.
Ахәҭакахьала, Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы егьи анардкыларатә еиҿкаара адыҧхьаларазы ажәалагала ҟаиҵеит.
“Ҳара уажәы оперативла аиҿкааратә зҵаарақәа зегьы ҳзыӡбар, аобиект ҩымз рыла ахархәаразы аҭара алыршахоит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Кристина Озган.
Аминистр иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы иазоулыжьит мчыбжьык.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа