27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Лиа Ҧачлиаҧҳа: аоппозициа ахаҭарнакцәа ареферендум амҩаҧгара хымҧадатәиуп ҳәа ирыҧхьаӡозар, уи иацу ахарџь рхахьы иргааит
737
28.03.2016 13:04
Атәыла ауаажәларратәи аҭҵаарадырреи русзуҩцәеи аибашьра аветеранцәеи Ареферендум аҽазыҟаҵареи уи амҩаҧгареи ирылацәажәоит.
Аҟәа. Хәажәкыра 28. Аҧсныпресс. Ахәҭакахьала, “Аҧсныпресс” акорреспондент диҿцәажәо, ареферендум амҩаҧгара дшахәаҧшуа азы лгәаанагара лҳәеит аибашьра аветеран, “Агәымшәаразы” амедал занашьоу, аҳақьым Лиа Ҧачлиаҧҳа.
“Ииашоуп, ажәлар ареферендум амҩаҧгаразы азин рымоуп. Аха уажәы уи азы ҵаҵҕәы ыҟам ҳәа агәаанагара сымоуп. Ауаҩы уи аҭыԥахь аусуразы днеит, днеижьҭеи уамакгьы ҵуам, шықәсыки бжаки иреиҳам, арахь уҧшыр, алхрақәа ишрылахәызгьы, џьоукы-џьоукы иахьа уи ииашамкәа имҩаҧган ҳәа иаақәгылеит. Алхрақәа рылҵшәақәа даҽакала иҟалазҭгьы, дара аиааира ргазҭгьы, ирурызу "ҳара ҳиашаӡамызт, ҳзинмчы ааныжьны, ҧхьатәара ҳцап” ҳәа аангылара. Нас избан уи аҩыза зыҟалараны изыҟоу? Ауаҩы аусура азы алшара иҭатәуп”, – ҳәа агәаанагара лымоуп Лиа Пачлиаҧҳа.
Аветеран лгәааангарала, аекономикеи Урыстәылатәи Афедерациантәи иаауа аинвестициақәеи урылацәажәозар, аҭагылазаашьа еиҿурҧшыр ҟалом.
“Ари еиҧшу аҭагылазаашьақәа ракәӡам. Усҟан иҟаз аинвестициақәеи уажәы иҟоу алшарақәеи узеидкылом. Иагьа ус иҟазаргьы, ҧхьаҟа ацара ҳаҿуп. Хаҭала, сара ареферендум амҩаҧгаразы ҵаҵҕәы ыҟоуп ҳәа исыҧхьаӡом. Ауаа аҧеиҧш лаша ачаҧаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит. Урҭ русураҿы изакәызаалак чарҳәареи аҵартышагареи ҳәа акагьы збом”.
Лиа Пачлиаҧҳа азҵаара аматериалтә гангьы агәҭынчымра лызцәырнагоит. "Аоппозициа ахаҭарнакцәа ареферендум амҩаҧгара хымҧадатәиуп ҳәа ирыҧхьаӡозар, уи иацу ахарџь рхахьы иргааит. Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд “Аҧра” Апрезидент Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, 8 миллион мааҭ усҵәҟьа иузышьҭымхуа ҧарам, уи ҩ-машьынак рыхә ауп. Аха, ишдыру еиҧш, азҵаара азнеишьеи ахарџь аҧхьаӡашьеи доусы иара итәала еиликаауеит. Ишыҟазаалакгьы 8 миллион мааҭ атәыла аҿиара аус аҿы имыцхәны иҟам ҳәа сгәы иаанагоит.
Сара ахәышәтәратә-бҩарҵәыратә диспансер аҿы аус зуеит, ҳзыҩноу ахыбра акәзар аҭагылазаашьа даара ихьысҳауп. Ас еиҧш аҧара зегьы акәымкәа, уи абжагьы ҳара иҳарҭазҭгьы, уи ахан алаҳхыр ҟаларын”, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аибашьра аветеран, аҳақьым Лиа Ҧачлиаҧҳа.
Даҽа ганкахьала, аибашьра аветеранцәа еидызкыло Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара “Аруаа” ахантәаҩы Илиа Гәыниа , аҭышәынтәалара ауп аҳәынҭқарра аизҳазыҕьарахь икылызго ҳәа азгәеиҭеит.
“Ареферендум амҩаҧгара иаамҭам, насгьы уи ҵаҵҕәы амам. Уи иҽеим ахҭыҧҟьақәа ацзар ауеит. Есышықәса ареферендум амҩаҧгара ҳалагар, аҵыхәтәан ҳабакылнаго уи? Иахьа иҟоу аҭагылазаашьа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада игәрагара азҵаара ала ареферендум амҩаҧгара ҟалаӡом, ҳәа агәаанагара сымоуп”, – иҳәеит Илиа Гәыниа.
Уи иажәақәа рыла, атәыла аҩныҵҟа иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны, ареферендум аиҿкаареи амҩаҧгареи иацу ахарџь ажәлар рынхамҩа иадҵазар еиҳа ииашоуп.
“Аилагарақәа ыҟамзар, ас еиҧш аусмҩаҧгатә амҩаҧгара заҭахузеи? Аус аҿы ареферендум – ареферендум ахьӡала иҟалоит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Илиа Гәыниа.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа