Ажәабжьқәа

Популярное

Лиудмила Скорик: ҳара хымҧада амедицинатә сабрадақәа ныҟәаҳгалароуп

101
18.05.2020 15:03
Лиудмила Скорик: ҳара хымҧада амедицинатә сабрадақәа ныҟәаҳгалароуп
“Ҳара иҿыцу аҭагылазаашьақәа рҿы анхара ҳҽаҳаршьцылалароуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Аҧсны асанитартә ҳақьым хада.

Аҟәа. Лаҵарамза 18. Аҧсныпресс. Аҧны асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иахьатәи амш азы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрреи ауааҧсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативттә Штаби рхылаҧшра аҵаҟа иҟоуп, аха ауааҧсыра акрантин анормақәа зегьы ирықәшәо ахымҩаҧгашьа аадмырҧшыр, ахәҭакахьала ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿы амедицинатә сабрадақәа рныҟәгара мап ацәыркыр, усҟан аҭагылазаашьа еицәахар алшоит. Абри атәы атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рахь азхьарҧш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

“Зегьы раҧхьаӡа иргыланы, аҳәаанырцәынтәи аҧхынтәи аамҭахәазы рынхарҭа ҭыҧқәа рахь иаауа ҳтәылауаа роуп ихымҧадатәиу аҽыҧхьакра арежим еилазго. Урҭ 14-мшы зегьы ирылагӡаны рыҟазаара аҭыҧқәа аилкааразы ацклаҧшра аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә Маҵзура иалшаӡом. Жәаҳәарада, ҳара урҭ ҭелла ҳаҽрымаҳдоит, ргәабзиара шыҟоу ҳазҵаауеит. Уажәазы, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иарбоу ачымазара алаҽра иадҳәалоу ахҭысқәа аҭыҧ рымоуп, ахәыҷқәа рҿы акәзар, иарбом ачымазара аиҳарак асимптомда ианымҩаҧысуагьы ыҟоуп. Аха апатуеиқәҵара, аҳаҭырқәҵара аарҧштәуп. Иарбоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьаҿы зегьы раасҭа иуашәшәыроу ҳаиҳабацәа ҳрызхәыцроуп, убри аҟнытә иаҳҭахы-иаҳҭахым, амедицинатә сабрадақәа ныҟәаагалароуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Лиудмила Скорик.

Атәыла асанитартә ҳақьым хада иара убас ишазгәалҭаз ала, уажәы аҳәынҭқарра Анапхгарала аҧкратә уснагӡатәқәак аҧыхуп. Ахәҭакахьала, аресторанқәа, акафеқәа, абарқәа, аҧацхақәа, акрыфарҭақәа, акакалкырҭақәа, егьырҭ ауаажәларра крырҿаҵара аобиектқәа русура, атәылауаа арҭ аҭыҧқәа рҭаарада идәылганы рымаҵура, ақалақьбжьаратә уаажәларратә транспорт арныҟәара (ахархәара), еиҭахацыркуп. Аха убри аан, амассатә уаажәларратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгаразы азин ыҟаӡам макьана. “Ҳара ҷыдала иаҧҵахо авакцина цәырҵаанӡа иҿыцу аҭагылазаашьақәа рҿы анхара ҳҽаҳаршьцылалароуп, избан акәзар, иахьазы акоронавирусттә инфекциа ахәшәтәра симтоматикатәуп”, – ҳәа илҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа