27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Маҳамад Кьылба Мураҭ Кумпилов диҧылеит
406
20.02.2019 11:00
Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Амаӡаныҟәгаҩ Маҳамад Кьылба Ареспублика Адыгеиа даҭаауеит.
Аҟәа. Жәабранмза 20. Аҧсныпресс. Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Амаӡаныҟәгаҩ Маҳамад Кьылба Ареспублика Адыгеиа иофициалтә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилов диҧылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.
Маҳамад Кьылба Адыгеиаҟа иофициалтә ҭаара, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз аибашьцәа “Аиааиразы” амедал ранашьара хықәкы хадас иамоуп.
“Ҳара есымшагьы Аҧснытәи асасцәа гәахәара дула иҳадаҳкылоит. Аҭоурых иаҳнарбоит, иагьарҵабыргоит ҳаиашьаратә жәларқәа еидызкыло аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шаҟа иҕәҕәоу. Аҧсни Адыгеиеи жәытәнатә аахыс ирыбжьоу аимадара иабзоураны иахьа аимабзиаратә, аҩганк еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы алшара шьақәгылоуп. Иахьа Аҧсны адинамикатә ҿиара амҩа иануп, ҳусеицура ацҵара хра злоу усны иҳаҧхьаӡоит”, – ҳәа иҳәеит Мураҭ Кумпилов.
Муҳамад Кьылба Аҧсны ауааҧсыра иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы Адыгеиа аҟынтәи ироуз ацхыраара хашҭра рзақәум ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аиҧылара аҿы аибашьра аветеранцәеи, иҭахаз рҭаацәеи адгылара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
“Хатәгәаҧхарала еибашьуаз Аҧснытәи Аидгылара” иалоу Ареспублика Адыгеиа аҟынтәи аветеранцәа ижәытәу черкесстәи атехнологиақәа рыла абаҳча ааӡара аусхкы аҿиара инамаданы ирыиоу азҧхьагәаҭарақәа ирзааҭгылеит.
Ареспублика Адыгеиа Ахада иарбоу апроект анагӡара азы алшарақәа ралкаара азы анапынҵақәа ҟаиҵеит. Хазы аибашьра иалахәыз ирзыҧҵәоу асоциалтә шәатәқәа иадҳәалоу азҵаара иахәаҧшын.
Иара убас, Маҳамад Кьылбеи Мураҭ Кумпилови Аҧсни Адыгеиеи рыбжьара аусуратә, аҵарадырратә, акультуратә, еимадара арҕәҕәара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа