Ажәабжьқәа

Популярное

Мираб Кьышьмариа: Жьҭаарамза 11 – Аҧсны аинтересқәа рыхьчареи арратә гәымшәареи ахаҵареи ирымшныҳәоуп

584
11.10.2016 09:17
Мираб Кьышьмариа: Жьҭаарамза 11 – Аҧсны аинтересқәа рыхьчареи арратә гәымшәареи ахаҵареи ирымшныҳәоуп
Аҧсны атәылахьчара аминистр, Ар аинрал Мираб Кьышьмариа Аҧсны Арбџьармчқәа рышьақәгылареи атәылахьчара Аминистрра аҧҵареи 24 шықәса ахыҵра амшныҳәа инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11. Аҧсныпресс. “Аҩызцәа аруаа! Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, Аҧсны Арбџьармчқәа рветеранцәа!

Аҧсны атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи аҧҵара амшныҳәа гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит!

Ҩажәи ҧшьба шықәса раҧхьа, жьҭаарамза 11, 1992 шықәса рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аҧсны атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи раҧҵаразы Ақәҵара аднакылеит.

Ҳара ҳтәыла азы – Аҧсны аинтерескәа рыхьчареи арратә гәымшәареи ахаҵареи ирымшныҳәоуп.

Жьҭаарамза 11 рзы ҳара аҭоурых адаҟьақәа зыхьӡ хьтәы нбанла ианылаз аруаа ҳгәалаҳаршәоит. Урҭ наунагӡа ҳгәалашәареи ҳгәаҵеи рҿы иаанхароуп!


Еиҵагыло абиҧарагьы реиҳабацәа иаҧырҵаз атрадициақәа шьахәла инарыгӡоит.


Агәабзиареи аизҳазыҕьареи, шәарратә уалҧшьа анагӡараҿы ақәҿиара бзиақәеи гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп.

Аныҳәа шәадныҳәалазааит, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа