Ажәабжьқәа

Популярное

Москва ақалақь Игорь Ахбеи Аиҿкаара “Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы” ахантәаҩи реиҧылара мҩаҧысит

871
31.03.2016 16:11
Москва ақалақь Игорь Ахбеи Аиҿкаара “Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы” ахантәаҩи реиҧылара мҩаҧысит
Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба Аиҿкаара “Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы” ахантәаҩы Гәыли Кьычба дылҧылеит.

Аҟәа. Хәажәкыра 31. Аҧсныпресс. Ацҳаражәҳәаҩ, Гәыли Кьычбеи Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи еибаирдырит, аусбарҭа имҩаҧнаго аусуреи иазҧхьагәаҭаны иамоу ауснагӡтәқәеи ртәы лзеиҭеиҳәеит. Иара убас, егьырҭ азҵаарақәагьы ирзааҭгылан.

Гәыли Кьычба ацҳаражәҳәаҩ урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи лареи реиҧыларақәеи еиуеиҧшым жәларбжьаратәи ауаажәларратә форумқәа лылахәхареи ртәы изеиҭалҳәеит.

Аиҧылараҿы Игорь Ахба Аҧсны аинтересқәа рыхьчареи рыларҵәареи аус аҿы Аиҿкаара инанагӡо ароль инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа