Ажәабжьқәа

Популярное

Мшаҧы раҧхьатәи амшқәа рзы аҳауа аҧхарра ҭышәынтәалаӡом

695
01.04.2016 18:30
Мшаҧы раҧхьатәи амшқәа рзы аҳауа аҧхарра ҭышәынтәалаӡом
Асабшаҽны амш шәшьуеит, амҽыша – ақәаршҩы леиуеит, адыд-мацәыс ҟалоит.

Аҟәа. Мшаҧы 1. Аҧсныпресс. Аҧсшьарамшқәа рзы ациклон аҩада-мраҭашәарантәи зҿаазхауа, ихьшәашәоу аҳауатә цәқәырҧақәа ирыхҟьаны, Аҧсны иахьаҵанакуа, аҳауа аҧхарра ҭышәынтәалахом. Асабшаҽны амш шәшьуеит, ахәылбыҽха ақәа леир алшоит.

Амҽыша аҧсҭҳәақәа хылоит, адыд-мацәыс зцу ақәаршҩы ауеит, ҳәа аарыцҳауеит аҳауагәаҭаҩцәа.

Аҳауатә қәыҕәҕәара лаҟәуп, ессаира ишьҭыҵлоит – 768 мм аџьуатә шьаҟа ала.

Аҧшасра еизадоуп – 5-7 м/с, аҽарҕәҕәар алшоит 10 м/с рҟынӡа.

Аҳауа аҧхарра уахынла +3+8˚С, ҽынла +10+15˚С.

Амшынӡы аҟәандара +10˚С, ацәқәырҧара еизадоуп – 75-125 см.

Аҳауа ацәаакыра – 60-70%.

Асабша, аҳҭнықалақь иахьаҵанакуа, амш шәшьуеит, ахәылбыҽха ақәа леир алшоит. Амҽыша аҧсҭҳәақәа хылоит, уахынла адыд-мацәыс зцу ақәаршҩы ауеит.

Аҳауа аҧхарра уахынла +5, ҽынла +14˚С.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа