Нанҳәамза 14 - Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш ауп
Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш. Атәыла ақалақьқәеи арионқәеи зегьы рҿы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993ш. раан иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәеи рнышәынҭрақәеи рахь ашәҭқәа наргоит.
1992 ш. нанҳәамза 14 рзы қырҭтәылатәи арбџьармчқәа Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мшы ицоз аԥсуа-кырҭуатә еибашьра, уи хыркәшахеит аԥсуа жәлар риааирала.
Аҟәа агәҭа игылоу Ахьӡ-Аԥша абаҟахьа ашәҭқәа наргеит аибашьра аветеранцәа, аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб, аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Михил Логәуа, Жәлар Реизара аспикер Валери Бганба, аԥыза-министр Леонид Лакербаиа, апарламент адепутатцәа, аиҳабыра алахәылаҩцәа, ауаажәларра.
Амҽышаҽны Аԥсны ақьырсиантә уахәамақәа рҿы 1992-1993ш. рзы аибашьра аан иҭахаз ргәаладыршәеит.
«Иахьа лахьеиқәҵаратә мшуп ҳара ҳзы. 21 шықәса раԥхьа иалагеит ҳара жәлар агәаҟра ду рзаазгаз аибашьра. Нанҳәамза 14 рзы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азгәаҳҭоит, нанҳәамза 15 рзы Зхатәгәаԥхара еибашьуаз Рымш. Убри амш аҽны 1993ш. шықәсазы иааит раԥхьатәи агәып Нхыҵ Кавказынтәи, напхгаҩысгьы дрыман Султан Сосналиев. Зхатәгәаԥхарала иааз ирылшеит Гагра иҟаз қырҭҭәылатәи аҳәаахьчаратә гәыԥқәа ирылсны Гәдоуҭа аара. Уи агәыӷра ҳзаазгах ҳтысхеит.
Ҳара уажәы Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ҳгылоуп, мышқәак раԥхьа араҟа иҵырхит зыԥсыбыҩ дырым 43-ҩык аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа марттәи ажәылара аан, Ахбҩк ашьхеи (ԥхынгәымза 1993ш.) Марыхәтәи ашьхахыҵырҭеи (1993 ш. рашәарамзазы) рҿы илашьҭыз авертолиотқәа рҿы иҭахаз, иара убасгьы Шрома иҭахаз иԥсыбаҩ.
Сгәаанагарала аҵак ду амоуп ас еиԥш иҟоу алахьеиқәҵартә амшқәа раан ҳара агәыӷра ахьраҳҭо хабарда ибжьаӡыз руацәа. Ҳара иҳалшеит убас еиԥш аус аиҿкаара зхатәгәаԥхара еибашьуаз хабарда ибжьаӡыз аҵеиҵәа руацәа ааны ДНК анализ арҭартә еиԥш. Иааит Ҟабардантәи, Уаԥстәылантәи, уаҵәа иаауеит Чечентәылантәы еибашьҩы иуацәа.
Агәра сгоит уи ҳара ишаҳуалу. Ирацәаҩны аҿар ҭахеит, аҿар рыдагьы иҭахаз рацәаҩуп. Аха ԥхьаҟа ҳаԥшлароуп, еизҳауа аҿар ҳрызхәыцлуазароуп. Иҳалшо ҟаҳҵароуп хабарда ибжьаӡыз руцәа рхьаа армаҷразы, араҟа анышә иаҭоу рыԥсыбаҩқәа еилкаатәуп.
Аԥшьашаҽны Загребҟа иҳашьҭуеит ДНК анализқәа раԥхьатәи ахәҭа. Сара хаҭала издырует ирацәаҩны зхыҷқәа рыԥсыбаҩ змоуз. Сгәы снархьуеит 20 шықәса анҵы ашьҭахь алшара аныҟала уи апроцесс ахацыркразы,- абри атәы иҳәеит аԥыза-министр Леонид Лакербаиа.
Иахьа Очамчыра араион Баслахә ақыҭаҿы имҩаԥсыуеит аибашьра раԥхаьтәи амш азы иҭахыз Валери Кәыҵниеи, Валери Нарсеи, Резо Гогиеи рбаҟа аартра.





























