27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Очамчыра араион аҿы 2 000 тонн рҟынӡа акарпыжәи ашьынкеи реизгара азҧхьагәаҭоуп
253
15.07.2019 15:00
Аҧсныпресс акорреспондент Очамчыратәии Гәылрыҧшьтәии араионқәа рҿы акарпыжәи ашьынкеи ркультурақәа раарыхра ирыдҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа атәы изеиҭарҳәеит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 15. Аҧсныпрсс. Ҭамара Ачҧҳа. Аҧсныпресс акорреспондент араионтә қыҭанхамҩатә усбарҭақәа рҿы Очамчыратәии Гәылрыҧшьтәии араионқәа иахьрыҵанакуа акарпыжәи ашьынкеи ркультурақәа раарыхра ирыдҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа атәы изеиҭарҳәеит.
Убас, Очамчыра араион Ақыҭанхамҩатә усбарҭа апрогнозҟаҵареи аекономикеи рыҟәша аиҳабы Ешсоу Гәыргәылиа адырра ҟаиҵеит: “Ҧхынгәымза аиҩшамҭа инаркны цәыббрамза, иҟалар алшоит жьҭаарамзагьы рынҵәамҭанӡа араион аҿы акарпыжәи ашьынкеи раарыхра аизгара мҩаҧыслоит. Сынтәа акарпыжәи ашьынкеи ркультурақәа ирыҵанакит 160 гектар рҟынӡа. Аура зеиҧшрахо атәы аҳәара макьаназы изаацәоуп, избан акәзар, асезон уажәоуп иналага. Ҳара иазҧхьагәаҭаны иҳамоуп 2 000 тоннак рҟынӡа аура аизгара. Ҵыҧх иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, жәаҳәарада, ҳара маҷк аиҵахара ҳамоуп ҳәа уҳәар алшоит. Иҳаҩсыз ашықәс азы зынӡа еизган 5 000 тонн рҟынӡа. Убри аан, уи адәқәа рҿы аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рҿагылара иазку аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Гәылрыҧшь араион аҿы, Ақыҭанхамҩатә Усбарҭа аиҳабы Рафик Григориан иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аизгара азҧхьагәаҭоуп 200-500 тонн рҟынӡа акарпыжә. “Макьаназы аура зеиҧшрахо атәы аҳәара заацәоуп, асезон анҵәамҭазы иаабап иҟало. Аҧсабаратә ҭагылазаашьа иадҳәалоуп зегьы. Иаагап, аарҩара ҟалар – аӡақәҭәара аҭаххоит, уи ауадаҩрақәа маҷымкәа иаҳзацуп”.
Рафик Григориан иажәақәа рыла, араион аҿы акарпыжәи ашьынкеи ркультурақәа реизгара цәыббра анҵәамҭанӡа имҩаҧысуеит. Сынтәа анхацәа 20-25 гектар рҟынӡа акарпыжә еиҭарҳаит. “Рыцҳарас иҟалаз, аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкқәа рыцәоуп. Урҭ рықәгара азы иҷыдоу ахимиатә маҭәашьарқәа рхархәарала аусмҩаҧгатәқәа наҳагӡоит”, – ҳәа алкаа ҟаиҵеит иара. Рафик Григориан иҟаиҵаз адыррақәа рыла, кьылак акарпыжә ахәҧса иахьа цыралатәи ахәаахәҭра аҿы – 20-25 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ашьынка акәзар – 50-60 мааҭ.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа