Ажәабжьқәа

Популярное

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы ҿыц идгалара мҩаҧигеит

560
10.10.2016 11:40
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы ҿыц идгалара мҩаҧигеит
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы ҿыц – Даур Џьумка-иҧа Аршба идгалара мҩаҧигеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы ҿыц Даур Аршба идгалара мҩаҧго, Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, иахьа иара анаҧхгаҩы ҿыц иаҭаразы Аусҧҟа инапы шаҵаиҩыз азы адырра ҟаиҵеит.

“Аусбарҭа уаанӡатәи анаҧхгаҩы ила зымҽхак ҭбаау аусура мҩаҧган, аха иҟоуп агхақәагьы. Анаҧхгаҩы ҿыц ҩаҧхьа даҽазнык Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟәшақәа зегьы русура ҳәаақәызҵо аусшәҟәқәа дрыхәаҧшыроуп, иҭиҵаароуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ахәҭакахьала, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы ҿыц Даур Аршба ирҭаз агәрагаразы ҭабуп иҳәеит. “Сара исыду аҭакҧхықәра атәы шьахәлаҵәҟьа издыруеит. Аусбарҭа аҿы аус зуа аколлектив ирымоу аҧышәеи адыррақәеи ирыбзоураны, ҳара ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ҳаҧхьа ишьҭоу азҵаарақәа зегьы рыӡбара ҳалҳаршап ҳәа сгәы иаанагоит”, – ҳәа иажәахә аҿы иҳәеит Даур Аршба.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа