27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи Адырра Амш рыдиныҳәалеит
539
01.09.2018 08:20
“Ашколтә шықәсқәа рзоуп ауаҩы иинтеллектуалтә лшара ашьаҭа анакуа, игәырҵҟәыли ибаҩхатәреи анцәырҵуа", – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 1. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи Аҵара Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
"Акыр иаҧсоу арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, аҭаацәа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа ссир – Адырра амш.
Ҭагалантәи ари амш азы ашколтә классқәеи, астудентцәа раудиториақәеи рҿы аҧсҭазаара еилашуеит. Иахьа актәи акласс ахь ицо аҵаҩцәа рырҵаҩцәа ҿыцқәеи, адырра адунеи ахь иназго амҩа хара ирыцанысуа рҩызцәеи дареи еибадыруеит.
Ашколтә шықәсқәа рзоуп ауаҩы иинтеллектуалтә лшара ашьаҭа анакуа, игәырҵҟәыли ибаҩхатәреи анцәырҵуа. Цәыббрамза 1 – аҵаҩцәа рзы еиҧш, арҵаҩцәагьы рзы гәырӷьаратә мшуп. Иахьа ахәыҷқәа аус рыдулара зыҧсҭазаара ҵакыс иаиуз ҳара ҳарҵаҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылоит.
Имариам, аҭакҧхықәра зцу арҵаҩцәа рус аҿы гәык-ҧсыкала ирзеиӷьасшьар сҭахуп аихьӡарақәа, аҵаҩцәа рыбзиабареи, раҳаҭырқәҵареи. Атәыла анапхгара, арҵаҩы изаанаҭ аҳаҭыр ашьҭыхразы, арҵаҩы иусураҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәразыаринахысгьы ирылшо зегьы шыҟарҵало агәра рсыргарцгьы сҭахуп.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҵарашықәс ҿыц аҟны аихьӡарақәа!"

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа