Ажәабжьқәа

Популярное

Рауль Ҳаџьымба: Аҳәынҭқарра Ахада иҧеиҧш азы аӡбара аоппозициа мацарала адкылара иашахаӡом

589
30.11.2016 14:49
Рауль Ҳаџьымба: Аҳәынҭқарра Ахада иҧеиҧш азы аӡбара аоппозициа мацарала адкылара иашахаӡом
Аҟәа ақалақь аҿы Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара “Аруаа” активистцәа реизара мҩаҧысит. Аизара рхы аладырхәит Ареспубликатә Политикатә Партиа “Ажәлар Ракзаара Афорум” ахаҭарнакцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа, адепутатцәа.

Аҟәа. Абҵарамза 30. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҟәа ақалақь аҿы 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара “Аруаа” активистцәа реизара мҩаҧысит. Аизара рхы аладырхәит Ареспубликатә Политикатә Партиа “Ажәлар Ракзаара Афорум” ахаҭарнакцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа, адепутатцәа.

Еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба: “Иахьа аҳәынҭқарра аилабгара иаҿуп, аекономика аҿиара аанкылоуп, аҧара ыҟам ҳәа ацәажәарақәа аҭыҧ рымоуп. Аха ус акәзар, ҩышықәса рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ҩынтә рыла аизҳара шҧаҟалеи? 900 миллион мааҭ Урыстәылатәи акредит ашәареи Амилаҭтә банк ахь акредитқәа рыргьежьреи, ажәлар рҿаҧхьа иҳақәу аҩныҵҟатәи ауал ашәареи злаҳалшеи? Ииашоуп, ҳара Урыстәыла ацхыраара ҳанаҭоит. Аха жәаҳәарада еилкаауп даҽакгьы, зхала зхы изамыцхрааз, аӡәы ицхыраара ихәаӡом. Агәра ганы сыҟоуп, ҩба-хҧа шықәса рышьҭахь ҳбиуџьет 7-8 миллиард рҟынӡа ишынаӡо. Ҳара ҳҳәынҭқарра ҳацәымҕьычлар, уи азы алшарақәа зегьы ҳамоуп. Ҳара ҳхала аҧара арҳара ҳалагароуп, уи адагьы уаҳа ҧсыхәа ҳамаӡам! Урыстәылатәи Афедерациа ҳара ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит, уи аӡбара мап ацәнакрым. Аха ҳара ҳәынҭқааррак аҳасабала аҿиара шҳалшо аус аҿы иҳарҵабыргыроуп”.

Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин иҧылараан, ишьҭихраны иҟоу азҵаарақәа дрылацәажәеит: “Сара Москваҟа амҩа сықәлоит. Убри аан́, имҩаҧысраны иҟоу Владимир Путини сареи ҳаиҧылараҿы ҳазлацәажәараны иҟоу азҵаарақәа алкааны исымоуп. Актәи – ҳуал иадҳәалоу азҵаара, иҳауа аҧара ала ҳхы ныҟәаагароуп. Аамҭак ала ауал ашәареи аҳәынҭқарра аҿиареи ҳалшарым! Аҧсны Урыстәыла аҿаҧхьа х-миллиард мааҭ инареиҳаны ауал ақәуп. Егьи азҵаара – афымцалашарала аиқәыршәара. 2018 шықәсазы Егрытәи Аӡфымцастанциа ҳаркыр акәхоит, шықәсык ирылагӡахо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧгахоит. Иабантәи ааҳгало усҟан афымцалашара? Уи анаҩс, Гагреи аиланхарҭа Цандрыҧш еимыздо амҩаду аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩуп. Шәара ибзианы ижәдыруеит Гәымсҭатәи ацҳа аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Уи аргыларазы ахарџь маҷымкәа иаҭаххоит. Арҭ азҵаарақәагьы иарбоу аиҧылараҿы хымҧада ирылацәажәахоит”.

Аҳәынҭқарра Ахада аоппозициатә мчқәа инарыгӡо аусмҩаҧгатәқәа рзы игәаанагара иҳәеит: “Аоппозициа иалоу ауаа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан скандидатура адгылара арымҭаӡеит. Аха сара адгылареи агәрагареи абжьи сызҭазгьы маҷӡам. Убри аҟнытә, Аҳәынҭқарра Ахада иҧеиҧш азы аӡбара аоппозициа мацарала адкылара иашахаӡом ҳәа агәаанагара сымоуп. Сыуаажәлар еизаны “уқәҵны уца!” ҳәа сарҳәар, сара мышкгьы саангылаӡом. Аха сара макьана алшарақәеи, амчи агәазыҳәареи сымоуп, сара сыуаажәлар сымжьацт, изжьарцгьы сгәы иҭаӡам. Иахьа, абра аҳәынҭқарра шьақәгылахарц зҭаху ауаа шеизаз агәра ганы сыҟоуп!”

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа