Ажәабжьқәа

Популярное

Рауль Ҳаџьымба: анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара аҿагылара шымҩаҧысуа атәы далацәажәеит

435
30.08.2018 18:22
Рауль Ҳаџьымба: анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара аҿагылара шымҩаҧысуа атәы далацәажәеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ажурналистцәа рзы еиҿкааз апресс-конференциа аҿы ашықәс актәи азыбжазы имҩаҧгаз аусура аихшьаалақәа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа/Лана Ҵәыџьҧҳа. Инарҭбаау апресс-конференциа аҿы, Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара аҿагылара  шымҩаҧысуа атәы далацәажәеит.

Рауль Ҳаџьымба ааигәа, анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара азы ахара здырҵаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа рганахьала иреиҳаӡоу ашьауҕақәҵара  шышьақәыргылаз еизаз иргәалаиршәеит. Убри аан, Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит: "Избан ҳара ҳҿы ас еиҧш алҧшааратә знеишьа асистема зышьақәгылоу? Шәааи иарбоу ацәгьоура азы ҳара ҳтәылауаа рганахьалагьы ашьауҕақәҵара арҕәҕәара ҳалацәажәап”. 

Иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада, иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы имҩаҧгаз агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла, анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло аусзуҩцәа раарҧшра алыршахеит. “Ас еиҧш ацәырҵра аҿагылара агәабзиарахьчара Аминистрра инанагӡароуп. Уи ачымазара аҟынтәи ахәшәтәра алзыршо аметодқәа аланагалароуп. Рыцҳарас иҟалаз, анаркотикатә маҭәашьарқәа  здызкыло рганахьала иахьа-уажраанӡа ахархәара змаз ашаҭара аформа, изеиҧшразаалак хра злоу алҵшәақәа раарҧшра алымшаӡеит. Егьырҭ азаагаратә формақәа рыҧшаара хымҧадатәиуп”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа