Ажәабжьқәа

Популярное

Рауль Ҳаџьымба Анатоли Бебилов Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспублика Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит

367
26.08.2018 10:36
Рауль Ҳаџьымба Анатоли Бебилов Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспублика Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит
“Ахьыҧшымра азхаҵара Амш ҳаҧсадгьыл аҿы ҭынч анхареи аизҳазыҕьареи рзы иҳамоу азин ҩаҧхьа иарҵабыргоит”, –ҳәа иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аҟәа. Нанҳәамза 26. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспублика Ахада Анатоли Бебилов Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспублика Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 10-шықәса ахыҵра идиныҳәалеит. 

Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

“Хаҭала Шәареи, аиашьаратә ауаҧс жәлари аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспублика Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 10-шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит.

Нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Анаҧхгара аҭоурыхтә ӡбамҭа аднакылеит, Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспубликеи, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Рхьыҧшымра азханаҵеит. Ари амш ҳамзар аҿы зегьы реиҳа ихадоу аныҳәақәа ирхыҧхьаӡалоуп. Ахьыҧшымра азхаҵара Амш ҳаҧсадгьыл аҿы ҭынч анхареи аизҳазыҕьареи рзы иҳамоу азин ҩаҧхьа иарҵабыргоит.

Аахыҵ Уаҧстәылатәи Ареспублика активла аҿиарамҩа ишану, хаҭала Шәара шәыуаажәлар рыҧсҭазаара аиҕьтәра азы иҟашәҵо акыр ишырацәо гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп.

Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ирыбжьоу аусеицура аҩаӡара акыр иҳаракуп. Ҳажәларқәа реизҳазыгҕьара иазку аиашьаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы еиҳагьы ишыҕәҕәахо агәра ганы сыҟоуп.

Ари аныҳәатә мшы аҽны хаҭала Шәара, ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиареи, иреиҳау аҳәынҭқарратә маҵзура аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи, ауаҧс жәлар ракәзар – аизҳазыҕьареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи гәык-ҧсыкала ирзеиҕьасшьоит”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа