Ажәабжьқәа

Популярное

Рауль Ҳаџьымба: Басариа ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу апарк астандартқәа ирықәшәо иҟаҵахоит

561
07.10.2016 16:00
Рауль Ҳаџьымба: Басариа ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу апарк астандартқәа ирықәшәо иҟаҵахоит
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь Басариа ихьӡ зху амҩаду аҿы игылоу аҩнеихагыла № 14 аҿы инхо ауааҧсыра идикылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7. Аҧсныпресс. Аҟәа ақалақь, Басариа ихьӡ зху амҩаду аҿы игылоу аҩнеихагыла № 14 аҿы инхо ауааҧсыра рыҩны азааигәара иҟоу апарк амашьынақәа раангыларҭа алхра алмыршаразы аҳәара ҟарҵарц азы Аҧсны Ахада иахь инеит.

Иара убас, иарбоу амҩаду аҿы инхо ауаа ааигәа апарктә зона аҿы ишьақәыргылаз ахәыҷтәы хәмаррарҭа аҭагылазаашьа акыр ргәы иҵхоит. “Ахәыҷтәы хәмаррырҭа уаҩы дахьзымнеиуа, абабира ахысны иҟоу аҭыҧ аҿы ишьақәыргылоуп. Ари ахәыҷқәа рзы даара ишәарҭоуп”, – ҳәа лҳәеит иарбоу амҩадуала инхо Маиа Аџьба.

Убри аан, Рауль Ҳаџьымба, аиаҵәаратә зона иахьаҵанакуа аргыларатә усурақәа рынагӡареи уи автомашьынақәа раангыларҭа алхреи, ҟалашьа змам усуп ҳәа азгәеиҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Беслан Ешба апарктә зона злаҟоу ала Аминистрцәа Реилазаара ахыбра ахь инеиуа амҩақәа зегьы иахьаҵәҟьа раркразы анапынҵа ииҭеит. Иара убас, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, ааигә-сигәа иҟоу адгьылҵакыра зегьы аилыргаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧгахоит.

Аҧсны Ахада иажәақәа рыла, ишьақәырҕәҕәоу аҧҟарақәа аринахысгьы ахылаҧшра аҭахоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа