Ажәабжьқәа

Популярное

Рауль Ҳаџьымба: есышықәса атәыла абиуџьет миллиардк ацлоит

870
02.11.2016 15:56
Рауль Ҳаџьымба: есышықәса атәыла абиуџьет миллиардк ацлоит
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион ауаажәлари реиҧылара мҩаҧысит.

Аҟәа. Абҵарамза 2. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Гәдоуҭа араион ауаажәларра рҿаҧхьа дықәгыло, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, араион абиуџьет аизҳара ашәахтәқәа реизгара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аиҕьтәра иадҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

“Иҟоу аихьӡарақәа шмаҷымгьы, иҟаҵатәу макьаназы ирацәоуп”, – ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟоу аихьӡарақәа дрылацәажәеит. Уи иажәақәа рыла, атәылаҿы ахатәы лшарақәа рыла иҟаҵоу маҷӡам, иаагозар, абиуџьет аҟынтәи аҧара зауа еизырҳау ауалафахәы роуа иалагеит. Иара убас, 2014 шықәса инаркны ареспубликатә биуџьет есышықәса миллиардк ацлоит.

Рауль Ҳаџьымба араион аҿиаразы иазҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рзы адырра ҟаиҵеит. Убас, уи иажәақәа рыла. Гәдоуҭа ақалақь аҿы ашықәс анҵәамҭанӡа ҩба ашколнӡатәи аусбарҭақәа аусура иалагараны иҟоуп, 2017 шықәсатәи абиуџьет аҿы даҽа хәыҷбаҳчак аргылара алагалахоит, С. Дбар ихьӡ зху Ахьӡ-Аҧша амузеи аргылара иацҵахоит. Убасҵәҟьа, Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара азы аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭақәа рҿы ӡыла аиқәыршәара иазку аусура иацҵахоит.

Аҳәынҭқарра Ахада амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҷыдала дазааҭгылеит: “Амилициа аусзуҩцәа, ачынуаа амҩаҿы иҟарҵаз аилагарақәа рзы ианаарныркыло, урҭ рыгәраргагақәа цәырганы иддырбоит. Арҭ аусшәҟәқәа заҭаху зынӡа даҽакы азы ауп. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҩы ыжәны амашьына аҧсҟы зку ауаа равтомашьына рымхра азҧхьагәазҭо азакәан апроект рыдыркылараны иҟоуп. Избан, ҳара аҧҟара еилазго ауаҩы амҩан аӡәы дишьаанӡа имашьына зимҳамхри?”

Аҳәынҭқарра Ахада анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара аҿагылара иадҳәалоу аҧҟарақәа рырҕәҕәара шхымҧадатәиу азгәеиҭеит. "Анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло ракәӡам иҭактәу, урҭ алазырҵәо роуп аҭакра зықәҵатәу. Лассы-лассы иуԥылоит анаркотикқәа здызкыларадагьы уи аларҵәарагьы знапы алаку” ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба аҧсшьарамшқәа рзы еиҿкаау ахәаахәҭратә цәыргақәҵақәа хра злоу усмҩаҧгатәқәаны ишыҟоу азгәеиҭеит. “Сабшалеи мҽышалеи араион аҿы ақыҭанхамҩатә хәаахәҭратә цәыргақәҵа аиҿкаара хымҧадатәиуп ҳәа исыҧхьаӡоит. Уи иабзоураны ақыҭауаа раалыҵ аҭиразы алшара роуеит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа