Ажәабжьқәа

Популярное

Рауль Ҳаџьымба: Иури Воронов Евразиа зегьы аҭоурых аҿы илагала ду алоуп, аха иара ианакәызаалакгьы зегь реиҳа дзызҿлымҳаз, ихәыцрақәа зегьы здиҳәалоз Аҧсны акәын

556
21.11.2016 14:00
Рауль Ҳаџьымба: Иури Воронов Евразиа зегьы аҭоурых аҿы илагала ду алоуп, аха иара ианакәызаалакгьы зегь реиҳа дзызҿлымҳаз, ихәыцрақәа зегьы здиҳәалоз Аҧсны акәын
Иналукааша аҵарауаҩ, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы Иури Воронов диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа.

Аҟәа. Абҵарамза 21. Аҧсныпресс. Дырмит Басариа. Аминистрцәа Реилазаара аизарақәа рзал аҿы иналукааша аҵарауаҩ, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы Иури Воронов диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазкны “Кавкази, уи иаҧну арегионқәеи рҿы археологиатә ҧшаарақәа: абаҟақәа реилыркаареи реишьҭагылашьеи” ҳәа хыс измоу Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа мҩаҧысит. Аконференциа аартреи, иара убас, уи апленартә еилатәареи рхы аладырхәит атәыла Анапхгара, Анаукақәа Ракадемиа, агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Урыстәылатәи анаукатә еилазаара ахаҭарнакцәа.

Аусмҩаҧгатә аартуа, афилологиатә наукақәа рдоктор, анаукеи акультуреи аҵарадырреи рзы Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Константин-иҧа Занҭариа, аконференциа алахәылацәа рахь Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идәықәиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит: “Аконференциа атематикатә хырхарҭа адунеизегьтәи еихьӡарақәа ирҿыршны, ҳаамҭазтәи археологиа апроблемақәа иҿыцу азнеишьа шыҟоу ҩаҧхьа иарҵабыргуеит. Уи, аҭыҧантәи анаука, Аҧсни Урыстәылеи, егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәеи реимадара арҕәҕәара иазырхоу ҳаамҭазтәи археологиатәи аҭоурыхтәи ҭҵаарақәа иҿыцу арҿиаратә цәырҵрақәа алазгало, даара акыр зҵазкуа хҭысуп. Иури Воронов хыҧхьаӡара рацәала аусумҭақәа, иахьагьы зактуалра ҳараку амонографиатә ҭҵаарақәа дравторуп. Уи наҧхгара аиҭон еицырдыруа археологиатә експедициақәа, жәларбжьаратәи аконференциақәеи аконгрессқәеи рҿы анаукатә ажәахәқәа рыла изныкымкәа дықәгылахьан. Аҵарауаҩ иҭижьхьан “Ижәытәӡоу аамҭа инаркны изааӡоу ашәышықәсабжьаранӡа Аҧсны аҭоурых”, “Аихатә шәышықәса азы Амшын еиқәа иаҧну Мрагыларатәи аган”, “Ҵабалтәи арха амаӡақәа”, “Аҧсны археологиатә хсаала”, уҳәа убас ирацәаны афундаменталтә усумҭақәа ҭижьхьан. Иури Николаи-иҧа Воронов Евразиа зегьы аҭоурых аҿы илагала дууп, аха иара ианакәызаалакгьы зегь реиҳа дзызҿлымҳаз, ихәыцрақәа зегьы здиҳәалоз Аҧсны акәын. Иури Воронов аус ицызухьаз аӡәырҩы ишазгәарҭахьаз ала, уи Аҧсны аҭоурых Евразиатәи аконтинент зегьы алахьынҵа адҳәалара илиршеит. Иури Воронов 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Аҧсны имҩаҧысуаз ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаараҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп. Ахәҭакахьала, уи, Аҧсны аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара иазыкәҧоз аполитикатә хеилак “Аидгылара” далахәын. Аҧсны раҧхьаӡатәи Апарламент адепутат иаҳасабала Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсни рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иазкыз аусура мҩаҧигон”.

Апленартә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аконференциа алахәылацәа “ахаҳәтәи аџьазтәи ашәышықәсақәа ирыҵанакуа археологиа”, “Антикатәи изааӡоу аихатә шәышықәсақәа ирыҵнакуа археологиа”, “Ашәышыкәсабжьаратәи археологиа” ҳәа хыс измаз ажәахәқәа ирыҧхьеит.

Аконференциа аусура абҵарамза 24 рҟынӡа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститути Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи рконференциатә залқәа рҿы имҩаҧыслоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа