27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Рауль Ҳаџьымба Лев Кәыҵниа Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҧҵара Амш 13-шықәса ахыҵра инамаданы дидныҳәалеит
305
04.07.2019 12:52
“Аиашазы, Аҧсны Аҷыдалкаатәи ҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра атәылаҿы алҵшәа бзиақәа змоу аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иреиуоуп иахьа”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 4. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧснны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа напхгара зиҭо ахылаҧшырҭа аҧҵеижьҭеи 13-шықәса аҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
“Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра 13 шықәса ахыҵра Амш.
Арҭ ашықәсқәа рыла иаҧҵоуп ҳаҧсадгьыл ауааҧсыра ршәарҭадара алзыршо еиҿкаау, узықәгәыҕыртә иҟоу асистема.
Аҷыдалкаатәи ҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалистцәа рнапы иану имариам аҳасабтәқәа рыӡбараан иаадырҧшуа апрофессионализм, агәымшәара, ахамеигӡара ирыбзоуроуп рмаҵзура зыҧсахаз аҳаҭырқәҵара.
Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп фырхаҵарыла, занааҭдыррала, хачҳарала инашәыгӡо шәмаҵзуразы. Шәаргьы, шәколлективгьы, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи ҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аветеранцәеи ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аманшәалара, ҳтәыла ахьӡала шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа!”

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа