27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Ростовтәи ацирк ашықәс ҿыцтәи апрограмма ала Аҧсны иқәгылараны иҟоуп
838
16.12.2015 13:19
Аестрадатә-цирк инанагӡо “Фунтик ашықәс ҿыц азы изықәшәаз ахҭысқәа” ҳәа хыс измоу аспектакль раҧхьаӡа акәны Аҧсны имҩаҧысраны иҟоуп.
Аҟәа. Декабр 16. Аҧсныпресс. Дырмит Басариа. Ақәгылара арежиссиор-ақәыргылаҩ – Урыстәыла Афедерациа зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, ацирктә ҟазара Урыстәылатәи Академиа академик Борис Артемиев. Уи “Фунтик ашықәс ҿыц азы изықәшәаз ахҭысқәа” ҳәа хыс измоу аспектакль раҧхьаӡа акәны Аҧснытәи ахәаҧшцәа ирыдигалоит. Аспектакль аинтерактивтә хәмаррақәеи иҷыдоу аеффектқәа зцу ацирктә қәгыларақәеи рыла ихарҭәаахоит.
“Хҧа инаркны жәохә шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа зегьы ари ақәгылара ахәаҧшра ахь ааҧхьара раҳҭоит. Амаанарҿиаҩцәа, ақьачақьцәа, агимнастцәа, иссиру аласба Жужа, иара убас Аҵаа Бабадуи Асҭыҧҳаи агәалаҟазаара бзиа дырҿиоит”, – ҳәа “Аҧсныпресс” акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит аспектакль аиҿкааҩцәа иреиуоу Амир Цушба.
Ақәгыларақәа мҩаҧысраны иҟоуп: Гәылрыҧшьтәи акультура Аҩны аҿы (декабр 27, 28 рзы), Аҟәа ақалақь, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы (декабр 29, ианар 2, 3 рзы).
Амир Цушба иажәақәа рыла, ацирк агастрольқәа рымҩаҧгара, Аҧсны егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҿы иазҧхьагәаҭоуп.
Агастрольттә спектакльқәа анымҩаҧгахо амшқәа ҧыҭрак ашьҭах еилкаахоит. Аҳамҭа зцу абилеҭ ахәҧса – 550 мааҭ, аҳамҭа зцым – 350 мааҭ иркуеит.
Абилеҭқәа рыҭира аҟынтәи иҟало ахашәалахәу ахәҭак аҟазара аусзуҩцәа рыцхыраара азы иаҧҵоу афонд “Артист” ахь идәықәҵахоит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа