27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Савели Ҷыҭанаа: Аҧсны шықәсык ахь еизо агәам-сам 90 нызқь тонна рҟынӡа инаӡоит
692
19.08.2015 15:44
Аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа Аҧсны иҟоу агәам-сам еизгарҭақәа ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит.
Аҟәа. Август 19. Аҧсныпресс. Иахьатәи аамҭазы официалла иҳамоу агәам-сам еизгарҭақәа быжьба ыҟоуп, раионцыҧхьаӡа акы аус ауеит. Аха, иара убас, Цандрыҧшь аҳаблаҿы официалла еиҿкаам гәам-сам еизгарҭак ыҟоуп.
“Рыцҳарас иҟалаз, Аҟәа иалсуа Басла, Сухумка, Гнилушка ҳәа изышьҭоу аӡиас ҳәыҷқәа уанырхыҧшылалак, урҭ агәам еизгарҭаны ишыҟоу убоит. Ауаҩы иахьааиҧыхьашәаз агәам шкажьтәым иаҳәара аҭахымзароуп, уи ихдырра иаҵанакуазароуп. Уахьынхо аҭыҧ уеиҷаҳалароуп”, – иҳәеит иара.
“Аҧсны мацара акәӡам агәам-сам еизгарҭақәа рыпроблема ахьыҟоу, урҭ рыӡбашьа аформақәагьы еиҧшӡам. Ҳара иҳамоу агәам-сам еизгарҭақәа зегьы арктәуп. Урҭ урывсны уанцо, ирхылҵуа афҩы узычҳауам, шықәсырацәала икажьу агәам аилабаара иахҟьаны, аҵалӡ еиҧш иаҵыҵуеит аӡы. Уи шҳамуп, адгьыл иҵоу аӡқәа рҟынӡагьы инаӡоит. Убри иахҟьаны, аҿкы чымазарақәа цәырҵыр алшоит. Агәам-сам еизгарҭақәа ақалақь иалганы иҟаҵатәуп”, – ҳәа “Аҧсныпресс” акорреспондент даниҿцәажәоз аҳәамҭа ҟаиҵеит Савели Ҷыҭанаа.
Уи иажәақәа рыла, иахьа еиҿкааны иҟоу агәам-сам еизгарҭақәа аркны, рцынхәрас аполигонқәа хҧа раартразы аҳәынҭқарра анаҧхгарахь ажәалагала ҟаҵоуп. Уи инақәыршәаны, Гагреи Гәдоуҭеи – агәам-сам еизгарҭатә полигонк, Аҟәеи Гәылрыҧшьи – полигонк, Тҟәарчал, Очамчыра, Гал – полигонк аргылара азҧхьагәаҭоуп. Урҭ ишахәҭоу еиқәыршәатәуп, агәам-сам еиҵазцало акомпрессорқәа ыҟазароуп.
“Ҿырҧштәыс иаагозар, иҟоу адыррақәа рыла, Урыстәыла уахыки-ҽнаки аӡәы – кьылак агәам ицрыҵуеит. Аҧсны атәы уҳәозар, шықәсык ахь еизо агәам-сам 90 нызқь тонна рҟынӡа инаӡоит”, – ҳәа азгәеиҭеит Савели Ҷыҭанаа.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























