Ажәабжьқәа

Популярное

Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә аҧсуа комедиа атеатр асезон аанартит

711
25.10.2016 10:54
Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә аҧсуа комедиа атеатр асезон аанартит
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху акультура Ахан аҿы Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә аҧсуа комедиа атеатр асезон аартра ацеремониа мҩаҧысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25. Аҧсныпресс. Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә аҧсуа комедиа атеатр асезон аартра аҧхьарбара ала ихацыркхеит. Абри атәы Аҧсныпресс ахь иаанацҳаит Ҭҟәарчал араион Ахадара.

Ахәаҧшцәа ирыдгалан А. Антокольси ипиеса “Иуҭахызар–ихаҵа, иуҭахымзар–ихоумҵан“ амотивқәа рыла иқәыргылаз аспектакль “Анцәахәы Жәабран иџьашьахәы”. Аспектакль ақәыргылаҩ – Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Роман Сабуа.

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху акультура Ахан аҿы Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә аҧсуа комедиа атеатр асезон аартра злахацыркхаз аҧхьарбара аҧхьаҩцәа даара ибзианы ирыдыркылеит. Азал аҿы иҟаз анапеинҟьарақәа акыр аамҭа еихьсыҕьуамызт.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа