Ажәабжьқәа

Популярное

Сынтәа ииз аӡҕабцәа рҕьырак ирырҭо ахьӡқәа иреиуоуп Санель

345
04.09.2018 15:57
Сынтәа ииз аӡҕабцәа рҕьырак ирырҭо ахьӡқәа иреиуоуп Санель
Аҟәа ақалақь Аҭаар аинспектор Наала Шьаданиа аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны аҭаацәара иалалаз рхыҧхьаӡара азы адырра ҟалҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс. Ҭамара Ачба. Ачарақәа раамҭахәҭа аламҭалазы Аҟәатәи Аҭаар аҿы Аҧсныпресс акорреспондент иҿцәажәо, аҭаацәара иалалази, ииз ахәыҷқәа рхыҧхьаӡареи, Аҧсны атәылауаа хәыҷқәа рҕьырак ирырҭо ахьӡқәеи рзы адырра ирҭеит.

Убас, Аҟәа ақалақь Аҭаар аинспектор Наала Шьаданиа  аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны ахыҧхьаӡараеихшьаалатә рбагақәа аалгеит: “2016 шықәса рзы 255 ҿыц иаҧҵаз аҭаацәара ашәҟәы иҭагалан. 2017 шықәса рзы – 248, урҭ рахьынтә 36 – аҭаацәара иалалаз руаӡәк аҳәаанырцәтәи тәылауаҩны иҟоу ҭаацәарақәоуп. Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалоуп 91 аҭаацәаралалара, урҭ рахьынтә аҭаацәара иалалаз руаӡәк аҳәаанырцәтәи тәылауаҩны иҟоу ҭаацәарақәоуп”.

Иара убас, Наала Шьаданиа ииз аҧшқақәа рхыҧхьаӡара азы адыррақәа ҟалҵеит: “2016 шықәсазы иит 577-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьынтә 280 ӡҕабцәоуп, 292-ҩык ҷкәынцәоуп, 2017 шықәсазы ииз аҧшқақәа рхыҧхьаӡара – 541-ҩык рҟынӡа инаӡон, урҭ рахьынтә 291 – ҷкәынцәан, 250-ҩык ӡҕабцәан. Ииз ахәыҷқәа милаҭла: 93-ҩык аҧсыуаауп, 10-ҩык урысцәоуп, 10-ҩык ерманцәоуп, 5-ҩык қырҭцәоуп. 2018-тәи ашықәс актәи азыбжа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан 224-ҩык ҿыц ииз ахәыҷқәа.  Урҭ рахьынтә 124-ҩык ҷкәынцәоуп, 97-ҩык ӡҕабцәоуп”.

Убри аан, Наала Шьаданиа, “сынтәа ииз аӡҕабцәа рҕьырак ирырҭо ахьӡқәа иреиуоуп Санель” ҳәа иазгәалҭеит. Аҷкәынцәа ракәзар – Баграт, Александр, Даниил, Марк, Денис, Аинар.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа