Ажәабжьқәа

Популярное

Уалид Маршьан иҧсҭазара далҵит

861
14.10.2017 14:24
Уалид Маршьан иҧсҭазара далҵит
Аҧсадгьылахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа адышшылара ҟарҵеит.

Аҟәа. Жьҭаара 14. Аҧсныпресс. Адышшыларатә шәҟәы иаҳәоит:

"Аҧсадгьылахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа гәалсра дула иҳадаҳкылеит Уалид (Абаза) Маршьан иҧсҭазаара алҵра. Аҧсны жәлар ибзиаӡаны ирдыруеит Уалид иааҧсара дуқәа, иҭоурыхтә ҧсадгьыл Аҧсни, аҧсуаа жәлари рахь имаз ҳәаа змамыз абзиабареи, агәыбылреи. Иара убас аҩбатәи ҧсадгьылны изыҟалаз, иахьа зхақәиҭра иазықәҧо Шьамтәыла, иазкеиҭахьоу ашьа, иадиҵахьоу ааҧсара. Иахьа Уалид аҵыхәтәантәи имҩа данықәло, иуацәеи, иҭынхацәеи шәааигәа ҳахьгылам хьааҳгоит. Шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит.

Уалид иаҧсуара, иуаҩра, ихаҵара ҳагымзааит зегьы! Ҳаҭырла Аҧсадгьылахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа".

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа