27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Урыстәыла Афедерациа ҳхьыҧшымра азханамҵазҭгьы, аизҳазыӷьара ақәгәыҕра уадаҩхон – Олег Дамениа
711
26.08.2015 09:00
Август 26 2008 шықәсазы Урыстәыла Апрезидент Дмитри Медведев Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Август 26. Аҧсныпресс. “Сара уи амш аҽны аҳҭнықалақь аҿы имҩаҧысуаз ахҭысқәа ибзиаӡаны исгәалашәоит. Уи ныҳәа дуӡӡан. Аҧсны ажәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иргаз аиааира ирзаҩызан”, – ҳәа “Аҧсныпресс” акорреспондент диҿцәажәо бжьышықәса раҧхьа иҟаз аҳҭысқәа игәалаиршәон астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Олег Дамениа.
Уи иажәақәа рыла, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара ҭоурыхтә хҭысуп. “Сентиабр 30 1993 шықәсазы ҳаҟазаара азин аиааирагарала иҳахьчеит, аха уи агарантиа ацӡамызт. 1993 шықәса ашьҭахь Қырҭтәыла изныкымкәа аибашьра алагара азы аҽазышәарақәа мҩаҧнагон, ҩаҧхьа аиҿагылара ашәарҭара аҿаҧхьа ҳгылон. Убас иҟан 2008 шықәсанӡа.
Ахьыҧшымра азхаҵара – ари Аҧсны ашәарҭадара азы игарантиоуп. Убри аан Урыстәыла ҳажәларқәа рҧеиҧш ачаҧара аҿы инанагӡаз ароль ахә ашьара уадаҩуп. Урыстәыла Афедерациа ҳхьыҧшымра азханамҵазҭгьы, аизҳазыӷьара ақәгәыҕра уадаҩхон”, – ҳәа иҳәеит Олег Дамениа. Ахьыҧшымра иҳанаҭо даара ирацәоуп, аха, иара убри аамҭазы иҳаднаҵо аҭакҧхықәрагьы еиҵам, ҳәа иҧхьаӡоит иара.
Жәларбжьаратәи азхаҵара азы, раҧхьаӡа иргыланы ауаажәларра рыҧсҭазаара азинтә нормақәа ирықәшәо ашьақәыргылара хымҧадатәиуп. “Ҳхьыҧшымра азхазҵо ҳазусҭцәоу идыруазароуп. Ҳара ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳасабала ҳазхарҵарц азы иҳамоу агәазыҳәара адунеи атәылақәа рзы ишьаҭаркызароуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Олег Дамениа.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























