Ажәабжьқәа

Популярное

Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхаҵара ацәхьаҵра алшаӡом,- Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра

944
14.11.2011 15:14

Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхаҵара ацәхьаҵра алшаӡом, азгәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра «НАТО-Қырҭтәыла» акомиссиа аҳәамҭа иадҳәаланы иҟарҵаз акомментари аҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәынамӡара аанарԥшуеит «аконфликтқәа ҭынч мҩала рыӡбаразы иқәгылоу НАТО ихадоу еиҿкаароуп, зыцхыраарала Қырҭтәыла ирццакны бџьарла еиқәзыршәо».

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аконфликтқәа аныӡбам ақырҭуа рыр разыҟаҵара, бџьарла реиқәыршәара НАТО ацхыраарала ҭынч мҩала аконфликтқәа рыӡбара иацхрааӡом,- аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәиполитикатә усбарҭа.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа