Ажәабжьқәа

Популярное

Урыстәылатәи амедицинатә аԥгаԥсатә полисқәа Аԥсны атерриториа аҿы аус рулоит

584
12.02.2015 13:26
Аԥсны атерриторриа иахьаҵанакуа Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥсатә полисқәа аусура иалагоит. Абри атәы иахьа имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов.

Уи иажәақәа рыла, ари аилаӡара аҩганк ирыбжьарҵаз, аамҭа кьаҿ иалагӡаны зыпроект аусура иалаго Аиқәшаҳаҭра, ихадоу апунктқәа архыԥхьаӡалоуп. Убас, Аԥснытәи апациентцәа, Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы аҽыхәышәтәразы алшара роуеит. 

“Аԥсы инхо, урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ауааԥсыра, Урыстәыла Афедерациа амедицинатә аԥгаԥсатә полисқәа Аԥсны ироуа иҟалоит”, - иҳәеит Андзор Гоов.

 Амедицинатә аԥгаԥсатә полисқәа рыҭара амеханизм ашьақәырӷәӷәара, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи абри азы Аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵалак ашьҭахь ауп ианыҟало.

Апресс-конференциа иазкны инарҭбаау аинформациа ԥыҭрак ашьҭахь ишәыдгалахоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа