Ажәабжьқәа

Популярное

Вадим Ҳаразиа Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив аҿаҧхьа идгалара мҩаҧысит

418
22.05.2020 15:00
Вадим Ҳаразиа Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны  Аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив аҿаҧхьа идгалара мҩаҧысит
Уаанӡа, Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусҧҟа ала, Вадим Ҳаразиа Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 22. Аҧсныпресс. Вадим Ҳаразиа Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив аҿаҧхьа идгалара мҩаҧысит.

Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәымба, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Давид Сангәлиа.

Аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив аҧсшәа раҳәаны, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит: “Ишыжәдыруа еиҧш, адиаспора азҵаара ҳҳәынҭқарра аполитика ашьақәгылараҿы акырӡа зҵазкуа зҵаараны иҟоуп. Ари ахырхарҭала иҟаҵоу маҷӡам. Беслан Андреи-иҧа инаигӡаз аусуразы хаҭала иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп аколлектив анапхгаҩы ҿыц адгылара ширҭо, аусурагьы шацҵахо”.

Ихәҭаахьала, Вадим Ҳаразиа атәыла анапхгара ирҭаз агәрагаразы ҭабуп ҳәа иҳәеит: “Исоуз агәрагара азы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Сара еилыскаауеит исыду аҭакҧхықәра ахьынӡаҳараку. Беслан Андреи-иҧеи сареи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аимадара бзиа ҳабжьан. Аусура мҩаҧысуан Ҭырқәтәыла еиҧш Аҧсынгьы. Сгәы иаанагоит аринахысгьы уи аусура иацҵахоит ҳәа”.

Беслан Дбар акллектив аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны ҭакҧхықәрала русура азнеишьазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит: “Араҟа аветеранцәа реиҧш аҿаргьы аус руеит. Урҭ еидызкыло акоуп – арепатриациа аҵакы ахьынӡаҳараку аилкаара. Вадим Николаи-иҧа хаҭала дыздыруеит, иусурагьы зеиӷьаҟам ала издыруеит. Ақәҿиарақәагьы изеиӷьасшьоит”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа