27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Вахтанг Ҧиҧиа: 140 априватизациа зызу аобиектқәа рҟынтәи 30% инареиҳаны аус руӡом
559
13.10.2016 10:56
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра амазара анапхгараҭареи ахатәреи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вахтанг Ҧиҧиа дидикылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра амазара анапхгараҭареи ахатәреи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы диҧыло Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ахылаҧшырҭа аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбаразы ишьҭыху аметодқәа дрылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.
Убри аан, Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Иахьа уажәраанӡа аусура иаламгац аобиектқәа ҳасаб рзуреи рыргьежьреи иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара хымҧадатәиуп. Урҭ еиуеиҧшым ахатәратә формақәа рымоуп, мамзаргьы қьырала џьоукы ирыҭоуп, арахь иҟаҵоу ҳәа акгьы ыҟамкәа”.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, аус зымуа аобиектқәа рыла аматериалқәа реиқәыршәара шымҩаҧысуа. Урҭ рышьаҭала иарбоу аобиектқәа анаҩстәи аҧеиҧш шьақәыргылахаанӡа ахәынҭқарра ахь аиагаразы аӡбарақәа шрыдкылахо далацәажәеит.
Ахәҭакахьала, Аҧсны Аҳәынҭқарра амазара анаҳгараҭареи ахатәреи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы, иарбоу ахылаҧшырҭа аҿы иусура раҧхьатәи амш инаркны қьырала игоу аобиектқәа рҭагылазаашьа аилкаара иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡарала ихацыркхеит ҳәа азгәеиҭеит.
Вахтанг Ҧиҧиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аус зуа анаплакқәа рекономикатә анализ ҟаҵоуп. Убри иабзоураны ззеиҧш хашәалахәы аҟынтәи иалгахо ақьыра ахәҧса акыр иахьылаҟәу аобиектқәа аарҧшын.
“Ас еиҧш аҭагылазаашьа аҳәынҭқарразы феида аланы изыҟалом. Убри аҟнытә ақьыра ахәҧса ҩынтә иахьхаҳгалазгьы ыҟоуп. Аринахысгьы ас еиҧш аусура иацҵахоит” – ҳәа иҳәеит Вахтанг Ҧиҧиа.
Вахтанг Ҧиҧиа иажәақәа рыла, 140 априватизациа зызу абиектқәа рҟынтәи 30% инареиҳаны аус руӡом. “Ара иҟоуп зыхьӡ еицырдыруа аобиектқәагьы. Урҭ иреиуоуп, иаагозар асасааирҭа “Абхазиа”. Уи зтәуи ҳареи аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит. Иара убас, ҳақалақьқәа рҭеиҭыҧш ҧхасҭазтәуа егьырҭ ахыбрақәагьы маҷымкәа иҟоуп. Убасҵәҟьа, иахьа ус баша игылоу ааглыхра иадҳәалоу аобиектқәагьы рҧеиҧш агәҭынчымра ҳазцәырнагоит”, – ҳәа иажәа иациҵеит аилак ахантәаҩы.
Убри аан, Вахтанг Ҧиҧиа имҩаҧысуа аусура раҧхьатәи алҵшәақәа рзы адыррақәа ҟаиҵеит. Иаагозар, мышқәак раҧхьа, ирықәыз аҭакҧхықәра ахьынармыгӡаз иахҟьаны, аҳәынҭқарратә еилаки акурорттә сфера иадҳәалоу аобиект ақьырагаҩи, уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аҧыргаразы аӡбара рыдыркылеит.
“Ҳара иарбоу аобиект қьырала агара иазхиоу даҽа наплакык ҳаҧшаахьеит. Уи еиҳагьы иҕәҕәоу аҭакҧхықәра идҵахоит", – ҳәа иҳәеит Вахтанг Ҧиҧиа.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа