Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

07.08.2015 15:33

Иацы, уаанӡа Пицунда аус зыдулаз аобиектқәа ргәаҭара мҩаҧысит.  Уи мҩаҧыргон Аҧсны аҧсбарахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа, аҵиаақәа рыхьчара астанциа анаҧхгаҩы Владимир Гериа, аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Џьынџьиа Аркади.
07.08.2015 14:22
Адиспансеризациа мызки бжаки, ма ҩымз ирылагӡаны имҩаԥыргарц ргәы  иҭоуп.
07.08.2015 10:59

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аминистр Виачеслав Чыркбеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) ахаҭарнак, Амиссиа Ахада ихаҭыҧуаҩ, аполитикатә бжьагаҩ еиҳабы Хаило  Мамо диҧылеит.  
06.08.2015 17:22

Аҳҭнықалақь ауааҧсыреи уи асасцәеи рыҧсшьара аамҭа рыхгареи ргәырҿыхареи рзы аспорттә ҧрашхәақәеи акатерқәеи иреиуоу амшынтә транспорт хкқәа рыдгалоуп.
06.08.2015 16:51
Аҧсны атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариеи Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниеи иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаратә еилазаареи, иара убас 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз абаталионқәеи арраҟәшақәеи реиҳабацәа алархәны аибашьра иалахәызи уи иахҟьаны аинвалидра заузи рыстатус алкаареи ашьақәырҕәҕәареи иадҳәалоу апроблемақәа рылацәажәара иазкыз аилатәара мҩаҧыргеит.  
06.08.2015 14:55
Акарпыжәқәи ашьынкақәеи рыҟалара аамҭа ашыкьымҭаз ахәаахәҭратә ҭыҧқәа рҿы ирҭиуа зхаҭабзиара лаҟәу ари аалыҵ зхарахаз хыҧхьаӡара рацәала ауаа асанитартә епидимиалогиатә маҵзура ахь ашшра аларҵоит.
06.08.2015 14:43

Август 7-8 рзы агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа рынагӡара аамҭа иалагӡаны ашәарҭадаразы аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭқарратә ҳәаа иаҧну  аиасратә ҭыҧқәа рҿы ауааҧсыра роушьҭразы азин ҟалом.
06.08.2015 13:42

Ари аусмҩаҧгатә Кавказтәи аибашьра ашьҭахь Ҟарачы-Черқьеск зынхарҭа ҿыц алызхыз ргәалашәара иазкуп.
06.08.2015 12:32
Жәларбжьаратәи амш –  “Адунеи аҳақьымцәа аҭынчразы”, уи  “Адунеи аҳақьымцәа аиадертә шәарҭара аҿагыларазы”  ахеилак абзоурала еиҿкаан. Иара азгәарҭоит август 6 1945 шықәса инаркны, Иапониа ақалақь Хиросима абомба анақәрыжьыз амш азы.
05.08.2015 15:19
Ҿыц иаҭаз Урыстәыла Афедерациа аҿы иҟоу Аахыҵ Уаҧстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Заур Гассиев раҧхьаӡа акәны Урыстәыла Афедерациа иҟоу Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.

Страницы: Пред. 1 ... 429 430 431 432 433 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа