27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Валери Бганба Сергеи Чеботариов диҧылеит
357
21.02.2019 18:18
Аганқәа Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ахәҭакахьала, 2019 шықәсазы Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазырхоу Аинвестициатә Программа анагӡара азҵаарагьы иазааҭгылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 21. Аҧсныпресс. Нхыҵ-Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрра аҿы Аҧсны аҧыза-министр Валери Бганбеи, Нхыҵ-Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Сергеи Чеботариови реиҧылара мҩаҧысит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Аиҧылара рхы аладырхәит Нхыҵ-Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр ихаҭыҧуаҩ Игорь Кошини, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахбеи.

Аиҧылара аҿы 2020-2022 шықәсқәа рзы Аинвестициатә Программа ашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәеи, иара убас, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара амшхәаҧштә зҵаарақәеи ирылацәажәеит.
Аиҧылара ахыркәшамҭаз, Валери Бганба, иуникалтәу аҭыжьымҭа, аҧсуа поет Мушьни Лашәриа аҧсуа бызшәахьы еиҭаигаз, А. С. Пушкин иҩымҭа “Евгени Онегин” Нхыҵ-Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрра ҳамҭас еиҭеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа